Дбар: ҳџьынџьуааи ҳареи лассы-лассы ҳаиԥылара даара ихаданы исыԥхьаӡоит

© SputnikБеслан Дбар
Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнакцәа Ҭырқәтәылеи Иорданиеи раҭаара атәы далацәажәеит аилак аиҳабы Беслан Дбар.

АҞӘА, абҵара 30— Sputnik, Анжелика Бениа. Аҧсадгьыл ахь архынҳәразы Аҧсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахаҭарнакцәа Ҭырқәтәылеи Иорданиеи раҭаара далацәажәеит аилак аиҳабы Беслан Дбар аинформациатә маҵзура Sputnik Аԥсны апресс-центр аҟны.

Беслан Дбар - Sputnik Аҧсны
Арадио
Беслан Дбар: еиҟәшоу аԥсуа жәлар рџьынџь аҿы еидкылатәуп

"Ҳаԥсуа диаспора ҳәынҭқаррас иахьыҟазаалакгьы изызхьаԥшуа рџьынџь ԥсадгьыл ауп. Урҭ лассы-лассы рԥылара даара ихаданы исыԥхьаӡоит. Изызҵауаз рацәан", – иҳәеит Беслан Дбар.

Арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы иажәақәа рыла, Ҭырқәтәылеи Иорданиеи инхо аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа рԥылараан Аԥсны азакәанқәа, аҳәынҭқарратә система шышьақәгылоу уҳәа ртәы иазҵаауан.

Инарҭбаау авидеонҵамҭа шәахәаԥшыр ҟалоит абра>>

"Ҳҳәынҭқарра иамоу амчра, аиҳабыра, иарбан институтқәоу иаԥҵоу, уҳәа реиԥш иҟоу азҵаарақәа ҳзырҭиуан. Ирымоу Аԥсны иадҳәалоу аинформациа даара имаҷуп, иазхаӡом. Урԥылалароуп, урацәажәалароуп. Даара ихадоуп аидеологиатә политика. Иаҳзымҳәо ҳәа акгьы ыҟаӡам. Ҳабжьы раҳароуп ҳдиаспора. Аинформациатә ресурсқәа реизырҳара аҭахыуп", – иҳеит арепатриациазы аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы.

Акомитет иамоуп ахатә саит, иахьа иҭыҵуеит ажурналқәеи агазеҭқәеи. Ҳәарада, Аԥсны иадҳәалоу аинформациа аиуаразы иҟаҵоу рацәоуп, аха макьана имаҷуп, ҳәа азгәеиҭеит Дбар. Иара иажәақәа рыла, ҳдиаспора рхаҭарнакцәа еиҳарак изызҵаауа Аԥсны анхара шышьақәгыло, Аԥсныҟа ааразы иаҭахыу, жәа мариала, шьаҿа-шьаҿала иуеилзыркааша аматериалқәа роуп.

"Аимадара иҵегь ирҭбаатәуп. Аԥсны иадҳәалоу ажәабжьқәа ҭырқә бызшәала, араб бызшәала иҩҩу рхыԥхьаӡара ррацәатәуп. Иахьа Аԥсны иҳамоу азакәанқәа, иаҳҳәап, адгьыл азы азакәан иазҵаауан ҳашьцәа. Иаҳҳәап Аԥсны адгьыл арепатриантцәа рҟынтә изҭаху аахәара рылшо ирылымшо атәы иазҵаауан. Аԥсныҟа аара, анхара рҭахыуп. Уи азы ирзаԥҵатәуп аҭагылазаашьақәа. Ҳаибабарақәа ырҭбаатәуп, иҿыцу апрограммақәа ралагалара аҭахыуп", – иациҵеит Дбар.
Иахьатәи аамҭазы Ҭырқәтәыла инхоит 500 000-ҩык аԥсуаа. Иорданиа аԥсуаа рхыԥхьаӡара 170 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит, иазгәеиҭеит иара.

Аполлон Шинкуба - Sputnik Аҧсны
Аполлон Шьынқәба: ҳџьынџьуаа рзы аԥсадгьыл ахь иаагоу амҩа уадаҩуп

"Иқәгылаз азҵаарқәа рацәан, аха раԥхьаӡа иргыланы, Аԥсуа федерациа, Аԥсуа культуратә центрқәа рхеилак афедерациа аҟны имҩаԥысуаз алхрақәа рахь ааԥхьара ҳаҭан. Иалхын аҿыц напхгара. 200-ҩык инареиҳаны аделегатцәа алархәны имҩаԥысит. Ҩышықәса инеиԥынкыланы хадара азызуаз Аҳмаҭ Хапат имандат шьҭеиҵеит. Далырхит Аҭанур Аҟәсба. Иара убас, Анкара имҩаԥысуаз Кавказтәи жәларқәа рфедерациа реилатәараеи, имҩаԥгаз алхрақәеи рҟны ҳхы алаҳархәит. Уи афедерациа еиднакылоит Ҭырқәтәыла иқәынхо Кавказтәи ажәларқәа, 26 дернеқь", – иҳәеит Дбар.

Дбар ажурналистцәа иргәалаиршәеит, Аԥснынтәи ҭырқәтәылаҟа инашьҭу аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа ишхацдыркыз русура. Ҭырқәтәыла аԥсуа бызшәа дырҵара еиҿыркааит Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аилаки Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа культуратә центрқәа Рфедерациеи. Уи апроект иеиԥшу апроект ҿыцқәа рхыԥхьаӡара ашықәс ҿыц азы еизҳауеит, иҳәеит Дбар.

Ажәабжьқәа зегьы
0