Очамчыра апытқәа рнырҵәаразы ауснагӡатәқәа ааԥынразы ихацыркхоит

© Фото : Flickr/M van ReeМраморный клоп
Мраморный клоп - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистрра Очамчыра араион Ахадара иазынанашьҭит амармалташь пты анырҵәага – ахимикатқәа рпартиа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 1 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Очамчыра араион аҟны ааԥынра шааилак амармалташь пты иаҿагыло ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара иалагоит. Уажәы апты аԥхарра ахьыҟоу аҽыҵәахны иҟоуп. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Очамчыра араион Ахадара аекономикеи, ақыҭанхамҩеи рыҟәша аиҳабы Ешсоу Гәыргәлиа.

Ключи в дверном замке - Sputnik Аҧсны
Ашықәс ҿыц азы аҳамҭа: 30 уада зылшарақәа ԥкыу аҭаацәарақәа рзы

"Ахәшә ҳауит. Уажәы уи ахархәара иаԥсам ҳәа ҳаӡбеит. Ааԥынразы ихацҳаркуеит аусурақәа. Уи азы абригада аԥаҳҵоит, МТС адҳаԥхьалоит", — иҳәеит Гәыргәлиа.

Ешсоу Гәыргәлиа иазгәеиҭеит амармалташь пты араион ақыҭанхамҩа аԥхасҭа ду шанаҭаз.

"Амандарина, ахәырма, иарбанызаалакгьы ашәыр ирԥырхагахеит, аиҳаракгьы араса. Ҽааназы асеиԥш еиҭаҟамларцаз аҽазышәара ҟаҳҵароуп. Иҳалшо зегь ҟаҳҵоит, аха хра аманы иҟало иҟамло атәы макьаназы иҳаздырам. Ҳара ҳаасҭа акыр ибеиоу атәылақәа рҟынгьы иҟоуп абри апроблема. Акыршықәса иаҿагыланы ауснагӡатәқәа шымҩаԥыргогьы ӡбра дук рзаҭеит ҳәа уҳәо иҟам", — иҳәоит Гәыргәлиа.

Очамчыра араион Ахадара аекономикеи, ақыҭанхамҩеи рыҟәша аиҳабы Ешсоу Гәыргәлиа узыргәырӷьашоуп араион аҟны акырпыжә, ашьынка раарыхра излагаз ҳәа азгәеиҭеит.

"Елыр ақыҭан аинвесторцәа 60 гектар адгьыл раҳҭеит. Аҟаб, акырпыжә еиҭарҳауеит. Оумашәа иубаша акоуп. Сынтәа х-нызқь тонна рҟынӡа аҽаҩра ҭаргалеит. Ирҭиит. Анаплакы адиректор акырпыжә аинтернат, зылшара ԥку аҭаацәарақәа, ахәыҷы рацәа ахьыҟоу аҭаацәарақәа уҳәа ишаны ириҭеит. Сынтәазы 34 гектар роуп аус здырулаз. Ҽааназы 60 гектар зегь шынеибакәу аус адырулараны иҟоуп. Ааигәа-сигәа инхо ауаагьы усурҭа ҭыԥла еиқәыршәахеит. Анаплакы аҿы 40-ҩык инарзынаԥшуа аус руеит", — ҳәа еиҭеиҳәоит Гәыргәлиа.

Иара убасгьы дазааҭгылеит Аԥсныҟа иаарго ақыҭанхамҩатә аалыҵ аҭыԥантәи аалыҵ азы аԥынгыла шыҟанаҵо атәы.

"Сынтәа ҳраион аҟны акырпыжә аазрыхыз рацәаҩуп. Рҽаҩрагьы цәгьамызт, аха Урыстәылантәи иааргаз акырпыжә 15-20 мааҭ ҳәа аҭира иалагеит. Аҭыԥантәиқәа рхарџьқәа зегь анырыԥхьаӡа 25 мааҭ дыртәеит. Ашәырҵәҟьа наҟынтәи иааганы ирҭиуа ахәԥса еиҳа илаҟәуп. Аҳәаанырцәа ауаҩԥсы иџьа маҷуп, амеханизациа аԥыжәара амоуп. Ҳара ҳҟны ус иҟам. Иаҳҳәап аҵыҵындра ҳара ҳҿы 300 мааҭ иаԥсазар, Краснодар 75 мааҭ иаԥсан", — иҳәеит иара.

Колонисты в селе Отара. - Sputnik Аҧсны
Ерик Кәартаа: Очамчыра ақалақь арахә неиааиуа иалоуп

Кәтол ақыҭан сынтәа ихырхит 650 тонна ачаибӷьы.

"Уажәы иааурыхуа аҭирагьы хыхьны иумазароуп. Аалыҵ екологиала ишыцқьоугьы урыстәылатәи, акәалаԥқәа ирҭаҵаны еиҿкаау аалыҵ иаваургылар рацәак ублаҿ иааиуам. Иара иахҭынҵоуи иуоураны иҟои еибакапануам. Еиҳарак иаазхәо асеиԥш ицқьоу аалыҵ шеиӷьу здыруа, пату ақәызҵо роуп", — иҳәоит иара.

Очамчыра араион аҿы иара убасгьы аус ауеит акомбикормтә зауад.

"Уахь инаргар алшоит аҭыԥантәи анхацәа раалыҵ. Урыстәылантәи иаарго аԥш аасҭа аҭыԥантәи еиҳа хра аманы иҟоуп, ихәарҭоуп", — иҳәоит Ешсоу Гәыргәлиа.

Ешсоу Гәыргәлиа иазгәеиҭеит 27 қыҭа ахьыҟоу араион аҿы иҭацәу адгьылқәа шырацәоу, аҳаскьын рхыҵәаны ишыҟоу. Есышықәсагьы аус здыруло адгьылқәа еиҵахоит. Уи зыхҟьо атехника амамзаареи ауааԥсыра рмаҷреи ракәзар ҟалоит ҳәа дахцәажәоит иара.

Араион аҟны имаҷымкәа иаартуп ауҭраҭых аарыхырҭа рԥхагақәа, аусура хацнаркит ашәырқашь ахьыҭрыжьуа афабрика маҷ.

Ажәабжьқәа зегьы
0