АҞӘА, ԥхынҷкәын 4— Sputnik. Азыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит ашьхақәеи абнарақәеи рҟны иара убасгьы амшынԥшаҳәа иахьаԥну аҭыԥқәа рҟны.. Абри атәы ҳзаанацҳаит Аокруг апресс-маҵзура.
"Азыҟаҵаратә уснагӡатәқәа ирылахәуп 500-ҩык рҟынӡа аруаа, ҳаамҭазтәи атехника. Азыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит аполигонқәа "Гәдоуҭа", "Нагвалоу", "Ҵабал" (Аԥсны), "Майкопский" (Адыгеиа) мызкы ҩымз рыҩныҵҟа" ҳәаа ҳәоит апресс-маҵзура адырраҭараҟны.
2017 шықәса рыҩныҵҟа абаза аррамаҵзурауаа имҩаԥыргеит зқьы инареиҳаны ҽазыҟаҵареи тактикатә ҵаратә уснагӡатәқәеи. Ашықәс аҩныҵҟа еиуеиԥшым арратә ҟәшақәа еиӷьыртәуан рхысратә дыррақәагьы.
Акурсқәа анхыркәшахалак ашьҭахь аррамаҵзурауаа ахыркәшаратә ԥышәарақәа ирхысуеит. Азшьақәа рҭиуеит. Аԥышәара зҭиз иранашьахоит а-3-тәи акласс аҟазауаҩ ҳәа ахьӡ.
Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит Гәдоуҭеи, Нагвалоуи, Ҵабали (Аԥсны Аҳәынҭқарра) "Майкопский" (Урыстәылатәи Афедерациа) апалигонқәа рҟны.