АҞӘА, ԥхынҷкәын 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҟәатәи ақалақьтә Еизареи Москва ақалақьтә Думеи 2018 шықәсазы рнапы аҵарыҩраны иҟоуп аиҩызареи аусеицуреи рзы Амеморандум. Абри атәы Аҟәатәи ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Константин Ԥлиа арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз еиҭеиҳәеит.
"Аусеицурақәа мҩаԥыслоит акультура, аҭҵаарадырра, аҵарадырра иара убасгьы ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа рҟны имҩаԥырго ахырхарҭақәа зегь рыла", — иҳәеит иара.
Аҟәатәи ақалақьтә Еизара ҷыдала азхьаԥшра анаҭоит аҳҭнықалақь анхамҩа-коммуналтә нхамҩа.
"Абри аганахь ала ҳақәгәыӷуеит Москва адгылара ҳнаҭап ҳәа. Москва алшара дуӡӡақәа амоуп, иахәҭоу техникала еиқәыршәоуп. Дареи ҳареи ҳаицәажәараан ираҳҳәеит акоммуналтә техниказы амаџьанара шҳамоу. Мосгордума ахантәаҩы иҳәеит ԥхьаҟазы Аҟәа ақалақь ацхыраара шазыԥхьагәарҭо", — иҳәеит Ԥлиа.
Иара убасгьы Константин Ԥлиа иазгәеиҭеит Аԥснытәи асасцәа даара ҳаҭырла ишрыдыркылаз.
"Мосгордума ахантәаҩы Алексеи Шапошников ҵыԥх Аԥсны даҭаан дыҟан. Уажәы ҳаар уахь ҳнеираан аҭактәи асасдкылара ду мҩаԥыргеит", — иҳәеит иара.
Иахьазы Аҟәатәи ақалақьтә Еизареи Санкт-Петербургтәи Азакәанԥҵаратә Еизареи рыбжьара анапы аҵаҩуп, аусгьы ауеит аиҩызареи аусеицуреи рзы Амеморандум.