Красноиарсктәи аҵараиурҭа Хворостовски ихьӡ ахҵахар алшоит

© Sputnik / Руслан Кривобок / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДмитрий Хворостовский, архивное фото
Дмитрий Хворостовский, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Дмитри Хворостовски диит Красноиарск, аҵара иҵон Красноиарсктәи аҳәынҭқарратә ҟазаратә институт аҟны. Рашәарамзазы аҵыхәтәантәи иконцертгьы мҩаԥысит иара иқалақь гәакьаҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 5— Sputnik. Аҵараиурҭа ахаҭарнак Александр Крылывец ашәҟәы неишьҭит Красноиарсктәи атәылаҿацә агубернатор инапынҵақәа назыгӡо иахь Дмитри Хворостовски ихьӡ Красноиарсктәи аҳәынҭқарратә ҟазаратә институт иахҵазарц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Абҵарамза анҵәамҭазы Красноиарсктәи атәылаҿацә агубернатор инапынҵақәа назыгӡо Александр Усс зажурналистцәа рзы аҳәамҭа ҟаиҵахьан Красноиарск ақалақь аҟны Хворостовски ихьӡ анаӡаӡатәразы аусмҩаԥгатәқәа ишрызхәыцу. Ҷыдала иазхәыцуп Хворостовски аҵара ахьиҵоз аҵараиурҭа ихьӡ ахҵара азҵаара.

Дмитрий Хворостовский, архивное фото - Sputnik Аҧсны
Хворостовски иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь Grammy аноминантс ихьӡ рҳәеит

"Красноиарсктәи атәылаҿацә агубернатор инапынҵақәа назыгӡо иахь Дмитри Хворостовски ихьӡ Красноиарсктәи аҳәынҭқарратә ҟазаратә институт иахҵазарцашәҟәы нашьҭуп. Макьаназы аҭак ҳмоуцт", — иҳәоит Крылывец.

Дмитри Хворостовски 1989 шықәса рзы Би-би-си ателехәаԥшратә конкурс, Кардифф (Великобританиа) ақалақь аҟны имҩаԥысуаз, "Адунеи ашәаҳәаҩ" аҿы "Иреиӷьу абжьы" ҳәа иигаз аиааира ашьҭахь адунеи аҿы деицырдыруа дҟалеит. Ниццатәи (Франциа) Nice Opera аҟны Петр Чаиковски иопера "Пиковая Дама" аҟны иқәгылара ашьҭахь Дмитри Хворостовски днарыԥхьо иалагеит адунеи иреиӷьу атеатрқәа, афестивальқәа рахь.

Урҭ иреиуан: атеатр Ковент-Гарден (Лондон, Великобританиа), Метрополитен-опера (Ниу-Иорк, (США), Парижтәи аопера (Франциа), Бавариатәи аҳәынҭқарратә опера (Миунхен, Германиа), Ла Скала (Милан, Италиа), Венатәи аҳәынҭқарратә опера (Австриа), Зальцбургтәи афестиваль (Австриа).

Ажәабжьқәа зегьы
0