Аԥcшьареи аныҳәатә мшқәеи: 2018 шықәсазтәи амзар

Анапаҵаҩра
Аԥсны аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит 2018 шықәсазтәи амзар.

2018 шықәсазтәи амзараҿ аныҳәатә мшқәаны иалкаауп: ажьырныҳәа 1 инаркны 4 рҟынӡа- Ашықәс ҿыцазтәи аныҳәақәа. Иаса Қьырса иирамш ныҳәа ажьырныҳәа 7 иақәшәоит амҽыша, убри аҟнытә ажьырныҳәа 8 ԥсшьарамшуп. Ажырныҳәа амҽыша иахьақәшәо аҟнытә, убас ажьырныҳәа 15 ԥсшьарамшуп. Амшаԥы ари ашықәс азы акырӡа иааигәахеит, иара мшаԥымза 8 иақәшәоит, убри аҟнытә уи иашьҭанеиуа ашәахьа ԥсшьарамшуп.

Аныҳәатә ԥсарамшқәа рахь иара убас иаҵанакуеит – Жәларбжьаратәи Аҳәса рымш ныҳәа март 8, Аиааира ДУ амш мшаԥы 9, Симон Кантәи имш ныҳәа – мшаԥы 23, Аԥсны азхаҵара амш – нанҳәа 26, Аиааира амш –цәыббра 30 амҽыша иахьақәшәо аҟнытә,  жьҭаара 1-ԥсшьарамшуп. Абҵара 26 – Аԥсны Аконституциа амш- убасгьы ԥсшьарамшуп.

Аныҳәатә, аха усуратә мшны Аминистрцәа реилазаара ишьақәнарӷәӷәеит: Амедицинатә усзуҩ имш, иара азгәарҭоит  рашәара 17, Аргылаҩцәа рымш- ԥхынгәы 12, Асовет мчра ашьақәыргылара амш – хәажәкыра 4. Иара убас аныхәатә мшқәа рахь иаҵанакуеит – мшаԥы 14 Аԥсны аҳазалхратә усзуҩцәа рзаанаҭтә мшы, ԥхынгәы 23- Абираҟ амш, нанҳәа 15- Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз рымш, жьҭаара 11 – Аԥсны Арбџьармчқәа рымш, жьҭаара 30- Аҭҵаарадырра амш.

Агәалашәаратә усуратә мшқәа 2018 шықәса рзы хәба ыҟоуп. Кавказ аибашьра иалаӡыз – мшаԥы 21, Аџьынџьтәылатәи еибашьраан иҭахаз – нанҳәа 14,    Аполитикатә репрессиақәа раан иҭархаз ргәаладыршәоит – жьҭаара 30, Иԥшьоу Апостол Андреи Аԥхьанаԥхьаҩ — ԥхынҷкәын 13, Лаҭа иҭахаз ргәалашәара амш — ԥхынҷкәын 14 рзы.

  

 

Ажәабжьқәа зегьы
0