Аҟәатәи аӡбамҭа анагӡаҩцәа аграната кны ирԥылеит

© Sputnik / Илона ХварцкияРейд ГАИ
Рейд ГАИ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҟәа ақалақь аҟны аԥҳәыс аӡбамҭа анагӡаҩцәа аграната рылалыжьит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 8 – Sputnik, Сариа Кәарацхьелиаԥҳа. Закәандарыла идыргыло аобиект аҭаараан аобиект зыргылоз иан аӡбамҭа анагӡаҩцәа аграната рылалҵеит. Абри атәы Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит Аӡбарҭа анагӡаҩ еиҳабы Аслан Кмузов.

"Иахьа, Аӡбарҭа аӡбамҭа анагӡаҩцәа Андреи Хачатуриан Аҟәа ақалақь аҟны изакәанымкәа зыргылара даҿыз ахыбрахь инеиит (Басариа имҩ. 111). Иара аҭыԥ аҟны дыҟамызт. Инеиз дырԥылеит иан Арусиак Хачатуриан. Лара аԥхьа ахыбра ақәгара даҿамгылеит, аха нас дара рганахь аграната лыршәит. Анцәа иџьшьаны аӡәгьы машәыр дук дақәымшәеит, аусуҩцәа руаӡәк акантузиа иоуит ада", — иҳәеит иара.

Арусиак Хачатуриан амилициа ақалақьтә ҟәшахьы днаргеит.

"Иара убас даанкылоуп Андреи Хачатуриан иҿахәҿыхразы. Уажәы аусҭҵаара иаҿуп", — иҳәеит Кмузов.

Цәыббра 15 2017 шықәса рзы Аҟәа ақалақь, Басариа имҩа аҩна 111 аҟны инхо Андреи Хачатуриан закәандарыла аргыларатә уснагӡатәқәа шымҩаԥигоз шьақәыргылан. Усҟан иара ихала иргылаз ықәигарашәа иҳәеит, аха уи ашьҭахь ҟаҵа ҟамлеит.

Уажәазы Аӡбарҭа ааӡбамҭа анагӡаҩцәа рнапы иану аус нарыгӡеит. Изакәаным аргылара ықәгоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0