Рауль Ҳаџьымба Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иҭахцәа дырԥылеит

© Sputnik Амра Амичба Встреча президента с семьей Александра Шервашидзе-Чачба
Встреча президента с семьей Александра Шервашидзе-Чачба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхыҩ, аграфик, асценограф, аҟазараҭҵааҩ, акритик Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 150-шықәса аҵра азгәаҭара мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, ԥхынҷкәын 12-13 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 12 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аҩаша, ԥхынҷкәын 12 рзы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба идикылеит аконференциа "Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иԥсҭазаареи ирҿиареи" асасцәа, Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба иҭахцәа, ихҭылҵ.

"Агәахәара ду сымоуп шәҭоурыхтә ԥсадгьыл аҟны шәахьызбо. Ҳара ҳзы даара акраҵанакуаны иҟоуп ҳаԥхьатәи абиԥарақәа абасеиԥш зыҩаӡара ҳаракыз, аԥсуа культура алагала ду азҭаз ауаҩы дырдырыртә еиԥш аҭагылазаашьақәа раԥҵара. Алеқсандр Чачба иԥсҭазааратә мҩа аԥсуа жәлар рзы аинтерес ду аҵоуп. Сара сазыгәдууп абри ауаҩ ду шьала-дала дыззааигәоу ауаа шәбареи шәацәажәареи алшаны иахьысзыҟалаз. Ҳара ҳзы хра аманы иҟоуп иахьатәи аамҭа иалиааз ауаа рыдагьы еиҵагыло аҿаргьы уи ауаҩ иҭоурых, иҟазаар, инысымҩа бзианы ирдыруа аҟаҵара", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Асахьаҭыхыҩ Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба имоҭа Демосфен Заицев ҭабуп ҳәа ахиҳәааит аԥсуа жәлар иабду ргәалашәараҿы даанханы дахьыҟоу азы.

"Сабду иԥсҭазаара аиҳарак Урыстәылеи аҳәаанырцәи дшынхозгьы Аԥсны ҩы-шықәса дынхон. Иара дахьыҟазаалакгьы игәаҿы иҟан Аԥсны, Аҟәа ахаҿра. Уи рныԥшуеит Аԥсны иазкны имҩаԥигоз анҵарақәа. Гәҭыханы иман иаарту аԥхынтә театр аԥҵара. Иԥсадгьыл дшаҟәыгазгьы ашәымҭакгьы уи ихашҭны дҟамлацызт. Абалетмеистер Серж Лефар сан лахь ииҩыз ашәҟәаҟны иҳәоит: "Книазенка" (Книазенка ҳәа дишьҭан сабду) идгьыл гәакьаҿы анышә дамардарц анцәа диҳәон" ҳәа. Аԥхьа сабду игәаҳәара ҟамлазаргьы, 27 шықәса рышьҭахь уи нагӡахеит. Иахьа анышә дамадоуп иԥсадгьыл аҿы" — иҳәеит иара.

Демосфен Заицев иазгәеиҭеит Аҟәа игылоу Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба ибаҟа абиԥарақәа зегьы рбаҟара шауа.

Аԥсар Александр Чачба. - Sputnik Аҧсны
Аԥсар "Александр Чачба" зегь раасҭа аинтерес аман ацәыргақәҵаҟны

"Ари Аԥсны иҟоу абаҟақәа зегьы иреиӷьуп ҳәа еибаҳҳәоит. Иҭабуп имыӡуа шәгәалашәаразы. Иара убри аан угәы унархьуеит агалереиа аҟамзаара. Аҭыхымҭақәа ацәаакыра рԥырхагоуп, иԥхасҭахоит. Иҟоуп аиҭашьақәыргылара зҭахны иҟоугьы" — иҳәеит иара.

Санкт-Петербургтәи аилазаара "Апсны" ахантәаҩы Боча Аџьынџьал (Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба изку ашәҟәы автор) иазгәеиҭеит асахьаҭыхҩы иԥсы анҭаз зныкгьы ишымҩаԥымгацыз ирҿиара ӡырызго цәыргақәҵак.

"Иара убриаҟара дыхӡыргаҩын, шәы-шықәса дшырҭысхьазгьы цәыргақәҵак еиҿимкаацызт. Иара убри аан иҩызцәа ирзеиҿикаауан ацәыргақәҵақәа. Ари иаҳәо даара ишьардоуп" — иҳәеит иара.

Боча Аџьынџьал иҳәеит адунеитә доуҳатә культура аҿаиараҿы Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба илагала шдуу.

Аԥсны Акультура аминистр Ельвира Арсалиаԥҳа ҭабуп ҳәа ахылҳәааит ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара ахьалыршо азы.

"Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба ихьӡ ала адунеи уаҿцәажәар алшоит. Иара дрывагылоуп Бенуа, Головин реиԥш иҟақәоу. Иара иҭыԥ ԥшьа макьанагьы ишахәҭоу еиԥш иалкаам. Иахьазы акрызҵазкуа хҭысуп 100 инареиҳаны ирҿиамҭақәа рцәыргақәҵара ахьалыршахо. Аҵыхәтәантәи 30 шықәса рыҩныҵҟа асҟак иҭбаау цәыргақәҵа мҩаԥаҳамгацызт. Иџьоушьартә иҟоуп иара иҭынха аиҳарак иԥсадгьыл аҿы иахьаанхаз", — лҳәеит аминистр.

Лара иазгәалҭеит 2018 шықәса рзы Урыстәыла имҩаԥысраны ишыҟоу Санкт-Петербургтәи аҳәынҭқарратә театр амузеи аҟны асахьаҭыхыҩ игәалашәара Амш.

Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхыҩ, аграфик, асценограф, аҟазараҭҵааҩ, акритик Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 150-шықәса аҵра азгәаҭара мҩаԥысраны иҟоуп Аҟәа, ԥхынҷкәын 12-13 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0