Хьыбла Амҷԥҳа Германиа акомпозиторцәа Реидгыла далахәылахеит

© Фото : страница Хиблы Амичба в FacebookХибла Амичба
Хибла Амичба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакс Германиа иҟоу Хьыбла Амҷԥҳа Германиа акомпозиторцәа Реидгыла далахәылахеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 13– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахаҭарнакс Германиа иҟоу Хьыбла Амҷԥҳа Германиа акомпозиторцәа Реидгыла далахәылахеит.

"Сара исабжьыргеит Германиа акомпозиторцәа Реидгыла салахәылахарц, избанзар амузыка знапы алаку рзы аиҿкаара алахәылара акраҵанакуеит. Анкета харҭәаан исышьҭит, аха срыдыркылап ҳәа инагӡаны агәра сызгомызт", — лҳәеит Амҷԥҳа.

Хьыбла Амҷԥҳа лыҿцәажәара шәазыӡырҩыр ҟалоит абра>>

Хьыбла Амҷԥҳа амузыкатә школ далгеит, нас афортопиано арҳәара лнапы алакын.

"Схәыҷаахыс амузыка бзиа избон. Сашьеи сареи еиуеиԥшым аицлабрақәа ҳрылахәын, Аԥснеиԥш анҭыҵгьы. Ҳара аҽа занааҭк ҳнапы алаҳкызаргьы амузыка аанаҳмыжьит", — лҳәоит лара.

Хьыбла ишылҳәаз ала лаԥҵамҭақәа аҟазауаа ианыдлырҳа урҭ илабжьыргеит амузыка лыҩларц.

Лара еиҭалҳәеит изныкымкәа Германиа дшықәгылахьоу иара убри аан аԥсуа музыкагьы шалырҳәахьоу.

"Сынтәа сықәгылан жәларбжьаратәи агәыҳалалратә концерт амҩаԥысраан. Еизгаз аԥарақәа зегьы нашьҭын Константин Хабенски ифонд ахь. Уа сара аԥсуа романси аԥсуа музыкеи асырҳәон", — лҳәеит лара.

Иара убасгьы Хьыбла далахәын Берлин есышықәса имҩаԥысуа аконцерт Stanway House.

Хьыбла Амҷԥҳа лаԥҵамҭақәа иреиуоуп: аклассикатә музыка, аблиуз, акиносахьақәа рзы амузыка.

Ажәабжьқәа зегьы
0