АҞӘА, ԥхынҷкәын 18 — Sputnik. Аолимпиадаҟны Урыстәыла еизгоу акоманда алахәылацәа амилаҭтә символика рхы ирзархәом. Усеиԥш адҵа ҟанаҵеит Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы. Абри атәы аанацҳауеит "Р-Спорт".
Жәларбжьаратәи аолимпиатә еилакы анагӡаратә еиҿкаара ԥхынҷкәын 5 рзы аҳәамҭа ҟанаҵеит аолимпиада иалахәхар шрылшо Урыстәыла "ицқьоу аспортсменцәа". Уи иаанаго урҭ адопингтә ҭоурых рымамзароуп. Дара аолимпиада абираҟ иаҵагыланы иқәгылароуп, ирымазароуп астатус ҷыда "Урыстәылатәи аспортсменцәа-аолимпиеццәа" (OAR).
Ирыдыркылаз адокумент инақәыршәаны аспортсменцәа:
Аолимпиатә бираҟ иаҵагыланы иқәгылароуп.
Уи аан — амилаҭтә символика ахархәара амоуроуп; —атәыла агерб, Урыстәыла амилаҭтә еилакы аемблема ԥсахзароуп аолимпиатә мацәазқәа рыла; —"RUS" ԥсаххоит "OAR" ала; — "Russia" "Olympic Athlete from Russia" ала иԥсаххоит; —"Olympic Athlete from" ашрифт "Russia" ашрифт иаҟаразароуп —атауартә дырга "Team Russia" ахархәара аҭахом; —ашрифт англыз бызшәала иҩызароуп; —амилаҭтә бираҟ аԥшшәхәқәа ҩба ахархәара роур алшоит, аха уи азы МОК ақәшаҳаҭхароуп; —абрахь иаҵанакуеит аспортсменцәа, азыҟаҵаҩцәа, аофициалтә хаҿқәа.