Аорден "Ахьӡ-аԥша " III аҩаӡара ранашьоуп 23-ҩык Аԥсны ауааԥсыра

© Фото : presidentofabkhazia.orgПрезидент Рауль Хаджимба вручил государственные награды
Президент Рауль Хаджимба вручил государственные награды - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аорден "Ахьӡ-Аԥша" ("Честь и Слава") — Аԥсны иреиҳаӡоу ҳәынҭқарратә ҳамҭоуп. Ишьаҭаркуп 2002 шықәса ажьырныҳәа 10 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik. Ҧхынҷкәынмза 19 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба еиуеиҧшым аусхкқәа рыҟны иналукааша аусзуҩцәа аҳәынҭқарратә ҳамҭа "Ахьӡ-аҧша" аорден ранеишьеит.

Ҳаџьымба инаҵшьны иазгәеиҭеит иахьа арахь иааԥхьо ауаа Аԥсны аҭҵаарадырра, асоциал-економикатәи ауаажәларра-политикатәи усхк, ақыҭанхамҩа, акультура, аспорт, аҟазара рхаҭарнакцәа шракәу.

Рауль Ҳаџьымба ҞБР аҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз дырԥылеит - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба ҞБР аҟынтәи хатәгәаԥхарала еибашьуаз дырԥылеит

"Иахьатәи ҳаиҧылара мҩаҧысуеит Ашықәс ҿыц аламҭалаз. Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит иааиуа аныҳәамшқәа. Ишәзеиҕьасшьоит агәалаҟара бзиа, агәамч, анасыҧ, досу шәнапы злаку аус аҿы ақәҿиара дуқәа! Традициала ишаҧу еиҧш, ҳҳәынҭқарра аргылараҿы зҽалызкааз, намысла зуалҧшьақәа ирызныҟәо ауаа иранаҳшьоит аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа. Шәара шәеихьӡарақәа, шәылшамҭақәа дыруп, пату рықәуп. Иахьа ҳаҭыр дула ҳрыхцәажәартә аҭагылазаашьа ҳамоуп аҭҵаарадырратә, ауаажәларра-политикатә, асоциалтә-економикатә, ақыҭанхамҩатә, акультуратә-ҟазаратә, аспорттә, аекологиатә уҳәа ахырхарҭақәа рҿы иналукааша ахаҭарнакцәа. Шәара шәџьабаа ауаажәларратә ҵак ду амоуп. Шәзанааҭ дырра, хаҭала шәнапы злаку аус азнеишьа, шәыҧсадгьыл ашҟа иаашәырҧшуа агәыбылра – зегь рыла иҿырҧшыгоуп", — иҳәеит Аԥсны Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иазгәаиҭеит иарбанзаалак аҳамҭа – ари баша символтә шдыргам. Ари досу иҧсадгьыли ижәлари рҿаҧхьа иааирҧшыз алшамҭақәа разгәаҭара иазку хәшьароуп, гәрагароуп.

"Убри аҟнытә, сара агәахәара ду снаҭоит, аҳамҭақәа шәанашьо, сшәыдныҳәалартә алшара ахьсымоу. Иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп иахьагьы, ааҧсарак ҟамҵакәа, қәҿиара дула имҩаҧыжәго аусуразы. Даҽазныкгьы ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, аихьӡара ҿыцқәа!" — иҳәеит Ҳаџьымба.

Аорден "Ахьӡ-аԥша " ранашьоуп Аԥсны ауааԥсыра 23-ҩык: Иури Арӡынба, Леонид Арӡынба, Акаки Базба, Ирадион Бигәаа, Заур Быҭәба, Виачеслав Габраа, Лев Ӷәырџьуа, Роман Дбар, Марина Делба, Анатоли Џьинџьолиа, Анзор Кортуа, Михаил Ладариа, Наталиа Мархолиа, Гиви Миқаа, Виктор Полтараков, Татиана Рогачева, Данил Убириа, Лили Ҳагба, Антонина Ҳашба, Леонид Черқьезиа, Марина Шьанаа Шьалуа Ҵәыџьба (иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь).

Лили Бганба иланашьоуп аорден "Ахьӡ-Аԥша" ("Честь и Слава") II аҩаӡара.

Ажәабжьқәа зегьы
0