Аԥсны ашьапылампыл азы ачемпионат асистема ҿыц ахь ииасуеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция о суперкубке и чемпионате Абхазии по футболу
Пресс-конференция о суперкубке и чемпионате Абхазии по футболу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥар Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит ашьапылампыл азы амилаҭтә чемпионат амҩаԥгара асистема ҿыц ахь ишиасуа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ашьапылампыл азы Афедерациа аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥар Sputnik аинтервиу аҭо иҳәеит ашьапылампыл азы амилаҭтә чемпионат амҩаԥгара асистема ҿыц, ҭагалан-ааԥын ахь ишиасуа.

"Асистема ҭагалан-ааԥын иаанагоит ачемпионат ҭагалан ишхацыркхо. Макьаназ ахәмаррақәа рымзар шьақәыргылам. Актәи аетап хымз рҟынӡа имҩаԥысуеит, нас, аӡынразы ԥсшьараамҭахоит, ааԥын иалагоит аҩбатәи аетап", — иҳәеит Рафаель Амԥар.

Уажәы Аԥсны ачемпионат мҩаԥысуеит ааԥын-ҭагалан асистемала.

Церемония открытия 66-го Конгресса ФИФА. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥснытәи ашьапылампыл ФИФА алахәхара гәҭакны иамоуп

"Иахьазы Аԥсны иҟоу адәқәа аӡынразы рхархәара залшом", — иҳәеит иара.

Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи рҟны ашьапылампыласырҭатә дәқәа хылаԥшра рымам, уи зыхҟьо аԥаразоужьра ахьазымхо ауп. Асистема ҿыц ахь аиасра зыхҟьо аԥхын ашьапылампыл асра ахьыуадаҩу ауп.

"Аԥхын ашьапылампыл асразы шоурацәоуп. Адәқәа рҿы акәзаргьы аҳаскьын мҽыӷхоит. Абарҭ зегьы анаҳшәа-ианаҳза абри асистема ҿыц ахь ииасызар еиҳа хра аманы иҟалоит ҳәа иазаҳаԥхьаӡеит", — иҳәеит Амԥар.

Иара убасгьы иазгәеиҭеит адунеи атәылақәа жәпакы абри асистемахь ииасижьҭеи акыр шыҵуа.

Асистема ҿыц ахь аиасра азыԥхьагәаҭоуп 2018 шықәса рзы.

ConIFA аверсиала ашьапылампыл азы адунеи Ачемпионат алахәхаразы аӡбра рыдыркылеит жәабран мза анҵәамҭазы Аԥсны 25-тәи ачемпионат хацыркхарц.

"Атурнир иалахәхоит акомандақәа ааба. Ачемпионат ҩ-етапкны имҩаԥгахоит. Ихыркәшахоит лаҵарамзазы", — иҳәеит Амԥар.

ConIFA аверсиала ашьапылампыл азы адунеи Ачемпионат аҟынтәи ишаалак иалагоит Аԥсны Ахраҿазы ахәмаррақәа рымҩаԥгара.

Ажәабжьқәа зегьы
0