Чамагәуа: ауаҩы иаҳҭо имхра ииашам, излауа ала зегьы еиҟаразароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукЛеонид Чамагуа
Леонид Чамагуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Коӷониаԥҳа лымҩаду" адырраҭараҟны ишьҭыхын Аԥсны апарламент адепутатцәа ирымоу азин ҷыдақәеи (льготы), ироуа атәанчахәыи азҵаарақәа.

Sputnik

Ажурналист Елеонора Коӷониаԥҳа лавтортә дырраҭара исасцәаны иаҭан V и VI Жәлар реизара ааԥхьара адепутат Леонид Чамагәуеи, уаанӡа депутатс иҟаз Ҭимыр Гәлиеи. Алхратә система аԥсахрақәа аҭахны иҟоуп, ҳәа ҳахәаԥшуеит, рҳәеит дара.

"Коӷониаԥҳа лымҩаду": адепутатцәа ирымоу азинҷыда иазкны

Адепутатцәа ргәаанагарала, Жәлар реизарахь инеирц зҭаху акандидат аԥсшәа бзианы идыруазар ауп, хԥа-ԥшьба шықәса Аԥсны аҳәынҭқарра дазааԥсахьацзар ауп, аԥышәа маҷк имазар ахәҭоуп, еиуеиԥшым азҵаарақәа рыӡбараҿы.

"Адепутатцәа ирымоу азин ҷыдақәа ртәы ҳҳәозар, уаҟагьы аԥсахрақәа аҭахуп. Аԥсуа жәлар иалырхыз адепутат, зыԥсадгьыл аҿы инхо, зыԥсадгьыл амаҵ азызуа, иабаиҭаху ари аҩыза азин ҷыдақәа? Абас азҵаара цәырҵуеит", — иҳәеит Гәлиа.

Леонид Чамагәуа дазааҭгылеит иахьа ажәлар рҿы иҟоу агәынамӡара, адепутатцәа ироуа атәанчахәы азҵаарала.

"Уи акырынтә ҳалацәажәахьеит. Бжьаратәла иара аԥара рацәаӡам, аха атәанчаҩцәа ироуа иаҿурԥшыр, ирацәоушәа убоит", — азгәеиҭеит Чамагәуа.

 Адепутат имоу азин ҷыдақәа аазырԥшуа азакәан рыдыркылеит ԥхынгәы 2006 шықәсазы. Ари аамҭа акыр ахылахьеит, азакәан аус ауеит, адепутатцәа атәанчахәы роуеит, инаҵшьны иҳәеит адепутат Чамагәуа.

Ермолай Аджинджал и Эмма Ходжава - Sputnik Аҧсны
"Коӷониаԥҳа лымҩаду": ажурналисти аҵарауаҩи ҩ-цәак зхарԥоу амораль иазкны

"Нас ироуа атәанчахәы, рымхра ииашам, уи ауаҩы изинқәа еиланагоит. Аӡәы деиӷьуп, аӡәы деицәоуп ҳәа ажәлар реилыхра азин ҳамам, зегьы ҳаиҟаразар ауп. Ари азакәан адепутат маҷк иҭагылазаашьа еиӷьнатәуеит. Избанзар, Аԥсны ироуа аԥсуа тәанчахәы ҳәа изышьҭоу, аԥышәала (стаж) иаҳаԥхьаӡо, Аԥсны атәылауаҩра змоу атәанчахәы иоуа далагар, усҟан аурыс тәанчахәы иоура азин имам. Ҩ-ҳәынҭқаррак рҟынтәи атәанчахәы роуа ҟалашьа амам. Изныкымкәа Урыстәыла ари азҵаара шьҭырххьеит, ҳара иаҳҳәеит "ари атәанчахәы акәӡам, ари цхыраагӡоуп", ҳәа", — алкаа ҟаиҵеит Леонид Чамагәуа.

Сара сазыразым ауаҩы иаҳҭо имхра, иҳәеит иара. Излауа ала исҭахуп зегьы еиҟаразарц.

Адепутатцәа ргәаанагарала, шьаҿа-шьаҿала ажәлар ирыхәо аусқәа ҟаҵатәуп.

Шәазыӡырҩла Sputnik Аԥсны арадио ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0