Москва иаадыртит Ахәаахәҭра аҩны "Аԥсны"

© Фото : Facebook/ФУД СИТИОткрытие дома "Абхазия" на площадке Interprod EXPO в ОРПЦ "ФУД СИТИ"
Открытие дома Абхазия на площадке Interprod EXPO в ОРПЦ ФУД СИТИ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Фуд сити", Ахәаахәҭра аҩны "Аԥсны" ахьаадыртыз, Европа зегьы аҟны иреиҳаӡоу хәаахәҭратә центруп.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 19 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахәаахәҭра аҩны "Аԥсны" аартра мҩаԥысит Европа зегьы аҟны иреиҳаӡоу хәаахәҭратә центр "Фуд Сити" аҿы ҳәа Sputnik Аԥсны иазеиҭеиҳәеит Москва иҟоу Аԥсны Ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц.

Ахәаахәҭра аҩны "Аԥсны" аартра алыршахеит Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭратә хаҭарнакреи Евразиатәи Аусутә центри рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра ҵаҵӷәыс иҟаҵаны.

"Аиқәшаҳаҭра ҳнапы еицаҵааҩит сынтәа, жьҭаарамзазы, "Ихьыԥшшәылоу ҭагалан" аныҳәа амҩаԥысра аҳәаақәа ирҭагӡаны. Иахьазы ҳара иҳалшеит Ахәаахәҭра аҩны "Аԥсны" Москва иреиӷьу аҭыԥқәа руак аҟны аартра" — иҳәеит Барцыц.

© Facebook/ФУД СИТИОткрытие дома "Абхазия" на площадке Interprod EXPO в ОРПЦ "ФУД СИТИ"
Открытие дома Абхазия на площадке Interprod EXPO в ОРПЦ ФУД СИТИ - Sputnik Аҧсны
Открытие дома "Абхазия" на площадке Interprod EXPO в ОРПЦ "ФУД СИТИ"

Аԥснытәи ааглыхыҩцәа, аалыҵ рацәаны иҭзыжьуа ракәымзаргьы, ироуеит алшара Ахәаахәҭра аҩнаҿы раалыҵ аӡыргара, аҭира, ауаа дырбара.

© Фото : Facebook/ФУД СИТИОткрытие дома "Абхазия" на площадке Interprod EXPO в ОРПЦ "ФУД СИТИ"
Открытие дома Абхазия на площадке Interprod EXPO в ОРПЦ ФУД СИТИ - Sputnik Аҧсны
Открытие дома "Абхазия" на площадке Interprod EXPO в ОРПЦ "ФУД СИТИ"

"Сара сгәаанагарала уахь рнеира алыршахоит анаплакы маҷқәа раалыҵқәа. Ҳара ари апроект азҳархион рацәак еицырдыруа иҟам ааглыхыҩцәа рзы. Уажәы сара избоит урҭ аԥеиԥш ҭбаақәа шроуа", — иҳәеит Барцыц.

Ахәаахәҭратә ҭыԥ амазаара иалнаршоит Аԥснытәи атауарқәа Урыстәыла адагьы егьырҭ атәылақәа рахь рыҭира. Абри ауп аиқәшаҳаҭра аҵакы хадагьы, иҳәеит инаҵшьны Олег Барцыц.

Ахәаахәҭра аҩны аҟны Аԥсны иҟоу иарбанызаалак аалыҵ-хкы ацәыргара ауеит.

"Ишдыру еиԥш ҳара ҳаалыҵ ахаҭабзиара ҳаракуп. Уи ус шакәу шьақәнарӷәӷәоит еиуеиԥшым ацәыргақәҵақәа рҿы аԥснытәи аалыҵ иаиуа аԥхьахәқәа. Сгәы иаанагоит ҳусеицура Аԥсны ахьӡ-аԥша аларҵәаразы хра аманы иҟалап ҳәа" — иҳәоит Олег Барцыц.

Ахәаахәҭра аҩны "Аԥсны" Урыстәыла иахьаҵанакуа апроцесс анапхгара азызуа еилазаарахоит.

"Ҳара иаҳуал хаданы иҟоу атауар ахаҭабзиара аҭҵаареи аҭыжьҩы иаалыҵ ишахәҭоу еиԥш ацәыргареи роуп" — иҳәеит Барцыц.

Ахәаахәҭра аҩны "Аԥсны" аартра ацеремониа иалахәын: Аԥсны Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба, Аекономика аминистр Адгәыр Арӡынба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа, Аԥсны Жәлар Реизара адепутатцәа, Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Игор Ахба.

"Фуд сити" — Европа иналукааша хәаахәҭратә центр дууп. Ианеиҵаха 10 000-ҩык рҟынӡа аахәаҩцәа есыҽны иаҭаауеит "Фуд Сити", иагьырҭиуеит 8 000 тонна рҟынӡа аалыҵ.

Ажәабжьқәа зегьы
0