Урыстәылатәи аруаа имҩаԥыргоз аҽазыҟаҵарақәа раан абандитцәа ндырҵәеит

© Sputnik / Томас ТхайцукТренировка снайперов Южного военного округа
Тренировка снайперов Южного военного округа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аруаа имҩаԥыргоз арҵаратә ҽазыҟаҵарақәа раан, аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны инарыгӡеит аныҟәаратә, атактикатә нормативқәа, анџьныртәи ахысратәи ҽазыҟаҵарақәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 20-  Sputnik. Урыстәылатәи арратә базаҟны аррамаҵзура иахысуа Урыстәылатәи аруаа имҩаԥыргоз арҵаратә ҽазыҟаҵарақәа раан аҵәахырҭақәа зымпыҵазхалаз ахьыԥшратә ӷацәа — "атеррористцәа" ҭадырхеит, ареспублика ашьхақәа рҟны "абандиттә еиҿкааарқәа" ндырҵәеит. Абри атәы ҳзаарыцҳаит Аладатәи Арратә округ апресс-маҵзураҟынтәи. "Иаԥҵаз алегенда инақәыршәаны ареспублика ашьхақәа рҟны "абандиттә еиҿкааарқәа" ндырҵәеит.

Аминаҵхыҩцәа анџьныртә ԥшыхәра мҩаԥганы атеррористцәа иаанрыжьыз арԥжәагақәа ршәарҭара аԥдырҟәҟәаауеит.

Военнослужащий российской военной базы в Гудауте во время тренировки по противодействию терроризму - Sputnik Аҧсны
Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа рхысрақәа ирыцырҵеит Аԥсны

Аҽазыҟаҵара иҟаҵәҟьазар зылшоу аҭагылазаашьа аиԥштәразы ахы иархәан зқьы рҟынӡа џьаԥҳаны. Ахархәара рыҭан 600-ҩык рҟынӡа аруааи 50-нызқь рҟынӡа аџьаԥҳаны, арратә техника 100 цырак рҟынӡа, абронетранспартиор БТР-82А, агранатаршәга РПГ-7, апулеметқәа "Печениг", Калашников иавтоматқәа, акәылӡымашьынақәа "КамАЗ-5350" "Мустанг" реиԥш иҟоу арратә техникатә акқәа жәабеи.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә база аррамаҵзурауаа еиндаҭлоит ахьӡ ԥшьа "Ударное" аиуразы.

Аполигонқәа Ҵабал, Нагвалоу, Гәдоуҭа, Маикопски рҟны ԥшьымз рыҩныҵҟа имҩаԥысраны иҟоуп аҽазыҟаҵарақәа. Ауснагӡатә иалахәхоит 500 инареиҳаны амотохысыҩцәа, 100 инареиҳаны атехника ҷыда: абронетранспортиорқәа БТР-82А, акәылӡтәы машьынақәа "КамазМустанг" иара убасгьы атанкқәа Т-72Б3.

Ажәабжьқәа зегьы
0