Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа рхысрақәа ирыцырҵеит Аԥсны

© Sputnik Илона Хварцкия / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВоеннослужащий российской военной базы в Гудауте во время тренировки по противодействию терроризму
Военнослужащий российской военной базы в Гудауте во время тренировки по противодействию терроризму - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база амотохысратә ҟәша аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵаратә хысрақәа мҩаԥыргеит аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны. Ахысрақәа мҩаԥган 100 метра инаркны 5000 метра рҟынӡа. Аҽазыҟаҵарақәа реиҳарак уахынлатәи аамҭазы имҩаԥысуан.

АҞӘА, абҵара 1 — Sputnik. Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ арратә база амотохысратә ҟәша аррамаҵзурауаа 600 рҟынӡа аҽазыҟаҵаратә хысрақәа мҩаԥыргеит аполигонқәа Ҵабали Нагвалоуи рҟны. Абри атәы аанацҳаит Аԥсны иҟоу Урыстәыла Аладатәи арратә округ Апресс-маҵзура. Ҵыԥх абри аамҭа иадкыланы уахәаԥшуазар, дара жәа-процентк рыла еиҳаны имҩаԥгоуп.

Служащие российской военной базы в городе Гудаута Республики Абхазия во время тактических учений - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла арратә машьынарныҟәцаҩцәа Аԥсны иазыҟарҵеит

"Ауснагӡатәқәа рыҽрыладырхәит 1000-ҩык аррамаҵзурауаа, ахархәара рыҭан 100 рҟынӡа арратә техника, агранатаршәгақәа РПГ-7В, абронетранспартиорқәа БТР-82АМ, БТР-80, икәлаӡырку автомашьынақәа КамАЗ "Мустанг", артиллериатә гаубицақәа Д-30 (122-мм) апулемиотқәа "Печенег" автоматқәа АК-74" ҳәа аҳәоит адырраҭараҟны.

Ахысрақәа мҩаԥысуан 1000 метра ахьыбжьаз аҟынтәи. Аррамаҵзурауаа инырхит 80 000 цыра ахи-ахәшәи. 50% рҟынӡа ахысратә ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥган уахынланы, арратә техника иақәгылоу уахынлатәи абаратә мыругақәа рхархәарала.

Ауснагӡатәқәа рыҽрыладырхәит 1000-ҩык аррамаҵзурауаа, урҭ рҟынтәи 40% рҟынӡа ҿыц аррахь инарыԥхьаз роуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0