Леон Ҵәыџьба паратхеквондо азы Урыстәыла дачемпионхеит

© Sputnik / Илона ХварцкияЛеон Цвижба
Леон Цвижба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аспорт азҟаза, Аԥсны бжьынтәы ачемпион, Чечниа ачемпион Леон Ҵәыџьба паратхеквондо азы Урыстәыла дачемпионхеит.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 21–Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Тхеквондо азы Урыстәыла ачемпионат афинал аҟны Аԥснытәи аспортсмен Леон Ҵәыџьба иқәгылара актәи аминуҭ иалагӡаны дзақәԥоз дииааины Урыстәыла ачемпионс дҟалеит.

Леон 20 балл иоуит, дызцықәгылоз сибратәи аспортсмен 13 балл. Леон актәи аминуҭ азы аԥыжәара игеит иҳәеит аспортсмен иаб Илиа Ҵәыџьба.

"Аԥҟаррақәа рҽеиҭаркит. Уажәы аспортсмен 20 балл иоур, аиааира иаҭәашьахоит", — иҳәеит Леон иаб.

В  Сочи прошло Открытое Первенство города по тхэквондо ИТФ - Sputnik Аҧсны
Тхеквондо азы аицлабраҿы аԥсуа аспортсменцәа қәҿиарала иқәгылеит

Ачемпионат даара агәыхыҭхыҭра аҵан иҳәоит Леон ихаҭа.

"Урыстәылатәи ачемпионатқәа еиҳагьы иуадаҩуп адунеитәии европатәии ачемпионатқәа раасҭа. Урыстәыла иреиӷьу ахҩык аспортсменцәа урылахәхар, адунеи иреиӷьу ахҩык урылахәхеит ауп иаанаго", — иҳәеит Леон.

Аспортсмен иҩызцәеи иазыҟаҵаҩцәеи ҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵоз адгыларазы. Иахьазы акаратист дазыҟаиҵоит Вадим Бадалиан.

Леон быжьшықәса ихыҵуан акарате асекциахь даннаргаз. 10 шықәса иара иҽазыҟаиҵон Киокусинкаи астиль ала ақәԥара. Леон раԥхьатәи иазыҟаҵаҩыс дыҟан Витали Ҷыҭанаа.

Ԥхынҷкәын 19 рзы Воронеж имҩаԥысуаз Аԥсны аспорт азҟаза, Аԥсны бжьынтәы ачемпион, Чечниа ачемпион Леон Ҵәыџьба паратхеквондо азы Урыстәыла дачемпионхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0