Аԥсны Ахада аспортсменцәа идикылеит

© Sputnik Бадрак АвидзбаРауль Хаджимба на итоговой встрече президента со спортсменами, победителями международных турниров
Рауль Хаджимба на итоговой встрече президента со спортсменами, победителями международных турниров - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дырԥылеит аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы имҩаԥысыз, еиуеиԥшым аиндаҭларақәа рҟны аԥхьахәқәа занашьахаз ҳаспортсменцәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 22– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аҳәынҭқарра аҿиараҿы хылаԥшра ззутәу ируакны иҟоуп абаҩырҵәыреи аспорти русхк иҳәеит Рауль Ҳаџьымба аԥсуа спортсменцәеи иареи реиԥылараан.

Леон Цвижба - Sputnik Аҧсны
Леон Ҵәыџьба паратхеквондо азы Урыстәыла дачемпионхеит

"Сара агәахәара ду снаҭоит шәара шәбара, шәԥылара. Шәара шәааҟәымҵӡакәа Аԥсны ахьӡ-аԥша, аҳаҭыр аҳаракра шәаҿуп, адунеи иалашәырҵәоит уи аҭоурых, аҭагылазаашьа", — иҳәеит иара.

Аиааира ашьҭахь уԥсадгьыл абираҟ ухашәыршәыруа аҵагылара акраҵанакуеит иҳәеит атәыла Ахада.

"Ҳаар иаҳҭахуп шәара шәықәҿиарақәа еиҳа-еиҳа ирызҳаларц. Уи азы аҳәынҭқарра иалшо зегь ҟанаҵалароуп", — иҳәеит Ҳаџьымба.

Ашықәс ҿыц аламҭалазы атәыла Ахада аспортсменцәа ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәа, анасыԥ, аманшәалара, аихьӡара.

Акыршықәсатәи қәҿиаралатәи иусуразы Аԥсны Ахада Идҵала Аԥсны абаҩырҵәыреи аспорти рзы Аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Рафаель Амԥар ианашьоуп аҳаҭыр хьӡы "Абаҩырҵәыреи аспорти рҟны зҽаԥсазтәыз аусзуҩ" ҳәа.

Атәыла Ахада исасцәа дрылахәын ҳџьынџьуаҩ Денис Царгәышгьы.

"Раԥхьа иргыланы зегьы ҳазҭало ашықәс ҿыц азы ишәзеиӷьасшьоит еиҳау аихьӡарақәа", — иҳәеит иара иҩызцәа дрыдныҳәало.

Атәыла Ахада иԥылара иалахәын: карате, ашьапылампыл, бокс, зых иақәиҭу ақәԥара, самбо, аԥқьаҭымпыл, грепплинг, кикбоксинг, паратхеквондо, пауерлифтинг, карате кекусинкаи, косики-карате, шотокан рҟны аҵыхәтәантәи аамҭазы ахьӡ ҳаракқәа ирыԥсахаз аспортсменцәеи урҭ разыҟаҵаҩцәеи.

Ажәабжьқәа зегьы
0