Аԥсуа каратистцәа Москвантәи амедалқәа ҳзааргеит

© Фото : Каратэ Киокушин в Москве16-й международный турнир "Юный Мастер" состоялся в Москве 23 декабря 2017
16-й международный турнир Юный Мастер состоялся в Москве 23 декабря 2017 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Карате кекусинкаи азы жәларбжьаратәи атурнир "Юный мастер", Москва имҩаԥысуаз иалахәын 330 –ҩык аспортсменцәа.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Карате кекусинкаи азы жәларбжьаратәи атурнир "Юный мастер", Москва имҩаԥысуаз иалахәын 330 –ҩык аспортсменцәа. Атурнир аихшьаалақәа рыла аԥснытәи аспортсменцәа иааныркылеит ахԥатәи аҭыԥқәа ҩба. Абри атәы Sputnik иазеиҭеиҳәеит карате кекусинкаи Афедерациа апрезидент Витали Ҷыҭанаа.

"Аԥснынтәи ахәыҷқәа 12-ҩык ыҟан. Жәаҩык аҷкәынцәеи ҩыџьа аӡӷабцәеи, 10 шықәса инаркны 15 шықәса рҟынӡа зхыҵуаз. Аицлабра сынтәа инаркны Жәларбжьаратәи ҳәа ахьӡ аиуит, уаанӡа уи урыстәылазегьтәи аицлабра ҳәа иашьҭан", — иҳәеит иара.

Ҷыҭанаа иажәақәа рыла ҳаспортсменцәа урхыҽхәартә рхы аадырԥшит.

"Аҟәатәи арԥыс Сергеи Дочиа 12-13 шықәса зхыҵуаз рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ ааникылеит, Лера Џьалаӷаниаԥҳа лакәзар, 12-13 шықәса зхыҵуаз рыбжьара ахԥатәи аҭыԥ", — иҳәеит иара.

Аицлабрақәа ирылахәын: Урыстәыла, Аԥсны, Ҟазахсҭан, Естониа рҟынтәи аспортсменцәа ҿарацәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0