АҞӘА, ԥхынҷкәын 25 — Sputnik. Австриа аканцлер Себастиан Курца иажәақәа рыла Ҭырқәтәыла аҽазышәара ҟанаҵоит Австриа, Германиа уҳәа рҟны инхо аҭырқә уаажәлар ринтеграциа аԥынгылақәа аҭаразы, абасеиԥш иҟоу аполитикатә курс инадҳәланы Евроеидгыла алахәхара иашам ҳәа. Абри атәы аанацҳуеит РИА Новости.
"Ари атәылаҿы ҳара иаабоит ауаҩытәыҩса изинқәа шеиларго. Сара сгәаанагарала Ҭырқәтәыла Евроеидгылаҿы ҭыԥ амам", —иҳәеит Курц Bild am Sonntag аинтервиу аҭо.
Уаанӡа, Ҭырқәтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Австриа анапхгара ҿыц аполитикатә программа ишаҿагыло азы аҳәамҭа ҟанаҵахьан.
Евроеидгылеи Ҭырқәтәылеи реизыҟазаашьақәа ԥхасҭахеит Ҭырқәтәыла бџьаршьҭыхла амчра ахҳәара аҽазышәара ашьҭахь имҩаԥысыз аҭакрақәа.