Аԥсныи Урыстәылеи рхәышәтәырҭақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра аус адырулоит

© Sputnik / Варвара Гертье / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОперация по удалению злокачественной опухоли
Операция по удалению злокачественной опухоли - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа усутә визитла Москва дыҟан ԥхынҷкәын 18-21 рзы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 26 – Sputnik. 2018 шықәса рзы Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи иналукааша урыстәылатәи ахәышәтәырҭақәеи аусеицуразы аиқәышаҳаҭрақәа рнапы рыҵарыҩраны иҟоуп. Абри атәы аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Подписание соглашения о сотрудничестве - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи Урыстәыла амедицинатә Академиеи аусеицуразы еицәажәеит

"Москва усутә визитла сыҟазаараан аиԥылара ҳаман Блохин ихьӡ зху урыстәылатәи аонкологиатә Центри, Пирогов ихьӡ зху амилаҭтә медико-хирургиатә Центри, амилаҭтә кардеологиатә Центри, Бакулев ихьӡ зху амедицина ҭҵааратә Центри рнапхгаҩцәеи сареи. Аиԥылараан ҳрылацәажәеит Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи арҭ ахәышәтәырҭатә центрқәеи рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа анап рыҵаҩра азҵаара. Адипломшьҭахьтәи аҵаразы урыстәылатәи амедицинатә Академиеи Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрреи рнапы аҵарҩит аусеицуразы аиқәшаҳаҭра", — ҳәа еиҭеиҳәоит Ҵахнакьиа.

Аусеицура иазыԥхьагәанаҭоит аҳақьымцәа адипломшьҭахьтәи рҵара, анаука-практикатә уснагӡатәқәа, аҭҵаарадырратә усурақәа, Аԥсны ауааԥсыра амедицинатә цхыраара рыҭара рынагӡара.

"Арҭ апланқәа рынагӡаразы раԥхьатәи шьаҿаны иҟалоит жәабранмза алагамҭазы амилаҭтә кардиологиатә Центр адиректор хада, РАН апрофессор Сергеи Боицов Аԥсныҟа иаара. Ацентр амедицинатә цхыраара аиҿкаара ҟанаҵараны иҟоуп ҳаамҭа иақәшәартә еиԥш", — иҳәеит аминистр.

Аминистр Москва иҟазаараан иара убасгьы аиԥылара иман Урыстәыла Агәабзиарахьчара аминистрра хәшәыла аиқәыршәаразы Адепартамент аҟны. Ирылацәажәан еиуеиԥшым азҵаарақәа.

"Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистрра иазнархиаз аинвалидцәа ррегистр рыдыркылеит, Аҳәынҭқарратә Дума аиқәшаҳаҭра аратификациа шазнаулак аусурақәа ирылагахарц азы", — иҳәеит Ҵахнакьиа.

Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа усутә визитла Москва дыҟан ԥхынҷкәын 18-21 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0