Аладатәи арратә округ аррамаҵзурауаа рхы иадырхәеит аракетақәа

© Фото : Пресс-служба ЮВО Мотострелки ЮВО в Абхазии предотвратили наступление превосходящих сил условного противника
Мотострелки ЮВО в Абхазии предотвратили наступление превосходящих сил условного противника - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аррамҵзурауаа 70 инареиҳаны аҵарақәеи аҽазыҟаҵарақәеи мҩаԥыргон Гәдоуҭа, Ҵабал, Нагвалоу, иара убасгьы Астрахантәи аобласти Краснодартәи атәылаҿацәи рполигонқәа рҿы.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 27 – Sputnik. Аԥсны иҟоу урыстәылатәи аррамҵзурауаа 70 инареиҳаны аҵарақәеи аҽазыҟаҵарақәеи мҩаԥыргон Гәдоуҭа, Ҵабал, Нагвалоу иара убасгьы Астрахантәи аобласти Краснодартәи атәылаҿацәи рполигонқәа рҿы. Абри атәы ааицҳаит Аԥсны иҟоу Аладатәи арратә база апресс-маҵзура аиҳабы Вадим Астафьев.

Аԥсны аҵара-ҽазыҟаҵарақәа мҩаԥызгоз урыстәылатәи аруаа електронтә ракетала "аӷа" аԥырҩы дызмам иҳаирпланқәа ириехсуан.

Тренировка снайперов Южного военного округа - Sputnik Аҧсны
Урыстәылатәи аруаа имҩаԥыргоз аҽазыҟаҵарақәа раан абандитцәа ндырҵәеит

"Аҽазыҟаҵарақәа иааидкыланы ирылахәын 500-ҩык аррамаҵзурауаа, 100 инареиҳаны арратә техникеи абџьари. Арахь иаҵанакуеит азениттә ракетатә комплексқәа "Оса-АКМ", "Стрела-10", ЗРК "Игла". Аҽазыҟаҵарақәа раан иларышьҭуан 2 километрак ҵәҩанҵәы иҟоу, зыласра сааҭк ала 200 километра инаӡоу аҳаирпланқәа", — иҳәеит иара.

"Аӷа" иԥрыгатә хархәагақәа аимитациа рзыруан аԥрыгатә аппаратқәа "Орлан", "Застава" "Гранат".

Аобиектқәа рыԥшаареи рҭархареи мҩаԥыргон арадиолакациатә станциа ахархәарала. Астанциа ахархәаратә радиус наӡоит 45 километра. "АҾҼ (ПВО) арратә расчотқәа аус адырулеит аҳауатә обиектқәа рыԥшыхәра, раанкылара, рымҩаԥгара, рҭархара азҵаарақәа. "Аӷа" ақәылара алиршар зуаз аобиектқәа зегьы аракетақәа рыла "иҭархан" ҳәа арбоуп апресс-маҵзура адырраҭараҟны.

Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи арратә округ арратә база аррамаҵзурауаа ирыцлараны иҟоуп абрахь иаарышьҭуа, зҵара хзыркәшаз артеллеристцәа, азенитчикцәа, амотохысыҩцәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0