Агәабзиарахьчара аминистрраҟны аихшьаалатә еилацәажәара мҩаԥгоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукТамаз Цахнакия
Тамаз Цахнакия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Агәабзиарахьчара аминистр Ҭамаз Ҵахнакьиа имҩаԥигеит 2017 шықәсазтәи аихшьааларатә еилацәажәара.

АҞӘА, ԥхынҷкәын 29 – Sputnik. Астатистикатә дыррақәа рыла 2017 шықәса рзы амҩатә машәырқәа ирыхҟьаны ахәышәтәырҭақәа рахь инанагеит 711-ҩык Аԥсны ауааԥсыра ҳәа аанацҳауеит Агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура.

Ҭамаз Ҵахнакьиа иазгәеиҭеит аурыс-аԥсуа еиқәышаҳаҭрақәа инарықәыршәаны аусура ахыркәшарахь ишнаргахьоу аинвалидцәа регистр азырхиара.

Операция по удалению злокачественной опухоли - Sputnik Аҧсны
Аԥсныи Урыстәылеи рхәышәтәырҭақәа аусеицуразы аиқәшаҳаҭра аус адырулоит

Аилацәажәараҟны иазгәаҭан Аԥсны атәылауаа ркатегориақәак хәшәыла реиқәыршәаразы аиқәшаҳаҭра иаарласны аԥсуаа ргәабзиарахьчаразы ицхыраара дуны ишыҟало.

2018 шықәсазтәи абиуџьет аҟны иазыԥхьагәаҭоуп Аԥсны агәабзиарахьчара аҿиаразы хықәкылатәи апрограммақәа жәпакы.

"Агәабзиарахьчара асистема аиҭарҿыцразы ирацәоуп иазыԥхьагәаҭоу ауснагӡатәқәа. Урҭ ируакуп ахәшәқәа роуразы аелектронтә рецептқәа раԥҵара. Аелектронтә рецептқәа еиҳа еилыкка иудырбалоит ахәшәқәа реикәшара иармариоит дара роура" ҳәа азгәанаҭоит апресс-маҵзура.

2018 шықәса рзы иазыԥхьагәаҭоуп аинфекциатә хәышәтәырҭаҿы аинтенсивтә терапиеи ареанимациеи рпалата аартра. Ихыркәшахоит ауааԥсыра рдиспансеризациа амҩаԥгара. Азхьаԥшра рыҭахоит апрофилактикатә зҵаарақәа, аиҳаракгьы агәыхь, аонкологиа, ашьақар чымазара, аимҳәаду уҳәа ачымазарақәа раԥырҟәҟәааразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0