Ашәҭқәа, акакаҷқәа: аԥсуаа Ашықәс Ҿыц ишаԥылоз

© Фото : Gary SpearsНовогодние игрушки
Новогодние игрушки - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашықәс Ҿыц акәамаҵамарақәа, ажәытәан аԥсуаа аныҳәа ишаԥылоз, аԥсаӡ шырҩычоз Cырма Ашәԥҳа лматериал аҿы.

Сырма Ашәԥҳа, Sputnik.

Аԥсуаа жәытә-натә аахыс абырг иажәа пату рзақәуп, аиҳабыи-аиҵбыи еихаҵгылоит. Аԥсуаа ражәа иалоуп: "Аиҳабы дызмоу Анцәа димоуп" — ҳәа. Иахьа уажәраанӡа ҳара ҳҟынӡа иааӡеит ажәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа, абыргцәа ражәаҳәа. Хымԥада, урҭ рҳәамҭақәа адунеи иақәлахоит. Еизҳауа абиԥарақәа еимырдалап, еиҭарҳәалап, ажәытәуаа ражәабжьқәа, рыхшыҩзцарақәа.

Новогодние игрушки Илоны Жиба - Sputnik Аҧсны
Ҳгәалашәараҿы инхаз Ашықәс Ҿыц

Аԥсуа қыҭацыԥхьаӡа иҟан зажәа акрыԥхылнадоз, иҟәыӷаз ауаа. Ахшара рацәа еиҭымрала изааӡаз, аха уи зынмырԥшкәа зҟәаҟәа иқәыз аидара ашьҭыхра зылшаз ан, анду Лубиа Зарандиаԥҳа-Ашәԥҳа, Џьгьарда ақыҭа дынхон. Иахьазы, лыдунеи шылыԥсахьхьоугьы, ақыҭаҿы дыргәаладыршәоит аԥҳәыс хатәраны, ахаареи аҟәыӷареи згымыз уаҩны.

Сара хаҭала ари аԥҳәыс бырг еснагь сыблаҿы дааиуеит агәыразра зҽықәыҳәҳәа иҟаз уаҩны. Сҩызцәеи сареи ашкол ахь ҳанцоз, мамзаргьы аҩныҟа ҳанаауаз, еснагь ҳхьарԥшны ҳазҿылҭуан. Илымӷаз аԥыраҳәа илаҵан иаҳзаалгон ҳгәы ҟазҵашаз, иаҳфашаз акы, аха зегь реиҳа ҳзеигәырӷьоз алаҳарҩеи, аџьынџьыхәеи ракәын. Иахьагьы ари аҩны санавсуа исгәалашәоит ашықәсқәа исзынрыжьыз аамҭа ссир, аԥхәыс бырг лхаҿсахьа. Еиқәханы исымоуп иҭазыҩхьаз лара лыбжьы. Уи сара сзы хәы змаӡам акеиԥш сахәаԥшуеит. Абар, лара анҵамҭа ахы шхацлыркыз:

"Аԥсуа еснагь асасдкылара бзиа ибон, иқәнага ҟаиҵон. Асасгьы аԥшәмацәа ихааӡа дрылатәон. Ажәытәи аҿатәи неимдааимдо  ажәабжьқәа рҳәалон.  Ажәытә абыргцәа бзиақәа ыҟамзи. Аҿатә уа дурҳар бзиоуп, аха ажәытә уа дкаумыжьроуп", — ҳәа азгәалҭеит абырг ҳаиҿцәажәараҟны.

Лубиа Зарандиаԥҳа-Ашәԥҳа, даара лгәы иалан аԥсуа жәлар ирхыргаз аибашьра хлымӡаах.

"Ажәлар агәаҟра цәгьа рхыргеит, аибашьра агәырҩа ӷәӷәа рзаанагеит. Аибашьра ҟалаанӡа, еиҳа ҳаҭырла еизныҟәон. Ажәлар рыхшара ҭахеит, инҵәеит, ихҵәеит, уи ахааназы хашҭра ақәлараны иҟоума? Ажәлар уажәы маҷк рыԥсы еивыргеит, еизхәыцуеит. Аԥсуа қыҭақәа рҟны аԥсуара ыҟоуп, ҳахьыҟазаалакгьы уи ҳмырӡроуп, иҳагу-иҳабзоу еибыҳәаны анхарамҩа ҳақәлароуп", — лҳәеит Лубиа Зарандиаԥҳа.

Аԥсуаа еснагь аныҳәарақәа мҩаԥыргон. Ашықәс Ҿыц акәзар, лымкаала иазнеиуан.

"Ажәытә, нан, Ашықәс Ҿыц ааигәахо ианалагалак, мчыбжьык, жәамш шыбжьоу, рыҩны-рыдәны дрыцқьон, иӡәӡәон-иҳәҳәон. Гәыла-ԥсыла рҽазыҟарҵон. Агәылацәа ирыгу-ирыбзоу еибыҳәаны еимырдон, патула-ҳаҭырла еизныҟәон. Афатә-ажәтә ҷыдала иацклаԥшны иҟарҵон. Ашықәс ҿыц анааилак, аҭаацәарақәа рҿы акака ршьыр акәын. Аџьма змаз аџьма ишьуан, ауаса змаз ауаса, акәты, ашәишәи уҳәа, досу илшоз ала аишәа ирхион. Хәыҷгьы-дугьы зегьы еигәырӷьоит ари аныҳәа. Аҭаацәа реиҳабы аҵәца аанкыланы дныҳәоит, Ашықәс Ҿыц ԥшӡала иҭаларц, аманшәалара, агәабзиара рзаанагарц. Адырҩаҽны еиҭанаиааиуеит, аҭынхацәа еибабоит, еиқәныҳәоит, агәыла ихәы рҭиуеит. Аныҳәа мышкы мацара имҩасуамызт. Аԥсуаа ҷыдала пату рзақәуп ари аныҳәа ԥшӡа", — ҳәа дҳацәажәон лара.

Ажәытә аԥсаӡқәа рырхиашьа даҽакын. Уи ус шакәу ҳалҳәеит ҳзыҿцәажәоз.

"Ашықәс Ҿыц азы аԥсаӡқәа рырхиашьа хазын. Уажәеиԥш иабаҟахыз изларҩычоз ахәмаргақәа. Ашәшь арҭон, ашәҭқәа кнарҳауан, акакаҷқәа рыԥшаауан, аконфеҭқәа уҳәа ирԥшӡаны идырхион. Иахьа даҽакала иҟоуп еиҳа. Аԥшӡара шәыгымзааит, нан!" — лҳәеит Лубиа.

Ҳаиҿцәажәара такәы ицон. Уи хлыркәшеит ныҳәаԥхьыӡла.

"Ашықәс Ҿыц алԥха-агәыԥха шәымазааит, нан! Ҽааны ԥшӡала шәнеиааит. Анцәа ҳазшаз, аԥсуа жәлар аамҭа бзиа шәзыҟаиҵааит! Анцәа цәгьара шәзыҟаимҵааит, аибашьра уаҳа шәыла иамбааит. Адунеи аҿы бзиарас иҟаз аԥсуаа рзы иҵәахны ишԥаҟаз рҳәо иҟалааит! Ашықәс Ҿыц шәзылԥхааит, нан! Аԥсны аизҳазыӷьара ҟалааит, аҭынч ԥсҭазаара еснагь ишәымазааит! Ашықәс Ҿыц судныҳәалоит, ухьышьаргәыҵа сакәыхшоуп! Ажәлар ԥшӡаны, гәырҩада, иччо-ихәмаруа рхәыҷы-рду еиҵаҩҩы Анцәа иҟаиҵааит!"- абас дныҳәеит Лубиа Зарандиаԥҳа-Ашәԥҳа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0