"Хендмеид" Саида Кәыҵниаԥҳа лҟынтәи

© Sputnik / Томас ТхайцукИзготовление собачки из мастики. Саида Квициния
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акулинартә ҟазараҿы ааигәоуп амастика ахархәара арҭо ианалага, аха иара иаарласны аԥыжәара аиуны иҟалеит. Абри аус знапы алаку аӡәырҩы амастика иалхны алакә персонажқәа ҭырхуеит. Убарҭ дыруаӡәкуп Саида Кәыҵниаԥҳа. Уи Sputnik акорреспондент илзеиҭалҳәеит иагьыллырбеит лнапкымҭақәа.

Сариа Кәарацхьелиаԥҳа, Sputnik

Акулинартә ҟазараҿы ааигәоуп амастика ахархәара арҭо ианалага, аха иара иаарласны аԥыжәара аиуны иҟалеит. Иахьатәи атортқәа шамахамзар, мастикала ихдырҷоит, избанзар иара маншәаланы иҟоуп, ишуҭаху унапы иацааиуеит. Абри аус знапы алаку аӡәырҩы амастика иалхны алакә персонажқәа ҭырхуеит. Убарҭ дыруаӡәкуп Саида Кәыҵниаԥҳа.

Саида Кәыҵниаԥҳа, иахьа ишырҳәо ала креативтә уаҩуп. Лара лнапы злаку акыр ирацәоуп, рҳәаақәа ҭбаауп: асахьаҭыхра инаркны акомиксқәа рҭыхра аҟынӡа.

© Sputnik / Томас ТхайцукИзготовление собачки из мастики. Саида Квициния
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния - Sputnik Аҧсны
1/5
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния
© Sputnik / Томас ТхайцукИзготовление собачки из мастики. Саида Квициния
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния - Sputnik Аҧсны
2/5
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния
© Sputnik / Томас ТхайцукИзготовление собачки из мастики. Саида Квициния
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния - Sputnik Аҧсны
3/5
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния
© Sputnik / Томас ТхайцукИзготовление собачки из мастики. Саида Квициния
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния - Sputnik Аҧсны
4/5
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния
© Sputnik / Томас ТхайцукИзготовление собачки из мастики. Саида Квициния
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния - Sputnik Аҧсны
5/5
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния
1/5
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния
2/5
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния
3/5
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния
4/5
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния
5/5
Изготовление собачки из мастики. Саида Квициния

Ааигәа Саида аҽа ус ҿыцк лнапы алалкит. Уи амастика иалхны аԥшынрақәа рыҟаҵароуп. Лара ишылҳәаз ала ааигәоуп лнапкымҭақәа рыҭира даналага.

"Сара акырҵуеит амастика схы иасырхәоижьҭеи, 11 шықәса ирықәуп. Сашьа иԥацәа ании инаркны урҭ акала исыргәырӷьанда ҳәа нап аласкит. Амультикқәа рфырхацәақәа амастика иалхны ирзыҟасҵон. Оумашәагьы ирбон, исыддырҽхәалон. Зны Art-маркет саҭааит. Уаҟа ирацәан еиуеиԥшымыз, иԥшӡаз анапылаҟаҵарақәа. Сҩызцәа баргьы аҟазара былоуп, баламгои ҳәа исабжьыргеит. Саргьы профессионалк иҳасабала арԥшьшьара нап асыркит" ҳәа еиҭалҳәоит Саида.

Саида Кәыҵниаԥҳа Аҟәа имҩаԥысыз Art-маркет аҿы лусумҭақәа ӡырылгеит.

Аласба Sputnik

Sputnik ажурналистцәа Саида Кәыҵниаԥҳа амастер-класс длырбеит амастикала арԥшьшьаразы. Сынтәатәи ашықәс Мрагыларатәи амзар ала ала иахьашықәсу инамаданы Саида илыӡбит аласба ҩежь ҳазлырхиарц. Хьӡысгьы иалҭеит– Sputnik.

"Сынтәа ала иахьашықәсу азы исыӡбеит аласба арԥшьшьара. Аласба Sputnik", — лҳәоит Саида.

Аԥшынразы Саида Кәыҵниаԥҳа заа иазлырхиеит амастика, аҵәцала аӡы, нас, еиуеиԥшым аформақәа злаҟалҵо алабыҵәқәа.

"Иазырхианы исымоуп амастика: аҩеижь, ашкәакәа, аҟаԥшь, ацәыш. Иԥшшәы хадоу аҩеижьоуп, егьырҭ еиуеиԥшым адетальқәа рыҟаҵараан схы иасырхәоит", — лҳәоит лара.

Анапкымҭа аиҿкааразы иаҭахны иҟоу зегьы лаԥхьа инықәҵаны Саида лусура хацлыркуеит.

"Иарбанызаалак џьара акы арԥшьшьара уалагаанӡа уи зеиԥшрахаша ухәыцроуп, ухаҿы иааугароуп. Сара уи, нас ақьаад ахь ииазгоит, арԥшьшьараан сахәаԥшларц, еиҳа иагу иабзоу збаларц. Аиҳарак ус шыҟасҵогьы, зны-зынла иара амастикала аусура саналагогьы ыҟоуп. Ус иаҳа ианысзентересу ыҟоуп азы. Зны-зынла зсахьа ҭысхызи снапала исырԥшьшьази анеиԥшымхо ыҟоуп" — лҳәоит лара.

Аласба арԥшьшьара Саида далагоит ахала, нас маҷ-маҷ еибылҭоит. Аҩежьԥшшәы кәымпыл х-хәҭакны илшоит.

"Амастика даара унапаҿы иуршьшьыроуп, унапы иацааиуа иҟоуҵароуп. Нас аус адулара еиҳа имариахоит" — лҳәеит лара.

Аласба ахы аарԥшьшьаны уи алымҳақәа нап рылалкуеит саида. Урҭ еиԥшызароуп.

"Аласба ахи алымҳақәеи реидырҷабларазы аӡы аҭахуп. Ари аус аҟны аӡы ҷабк иаҩызоуп. Аӡы сара схы иасырхәоит ахәҭақәа реидырҷаблараан" — лҳәоит лара.

Абри ашьҭахь аҟазауаҩ аласба ахәамц нап алалкуеит, илҭаху аформа алҭоит. Нас, уаанӡеиԥш аӡы лыцырхырааны ахи ахәамци еидлырҷаблоит. Уи анахыс аласба егьырҭ ахәҭақәа зегьы маҷ-маҷ рҭыԥқәа рахь иналгоит. Саида аԥхьа илырԥшьшьоит аласба ашьҭахьтәи ашьапқәа. Урҭ лара изныкымкәа ишыҟалҵахьо мҩашьо, иаарласны илырхиоит. Убасеиԥш аамҭа маҷны ирықәлырӡуеит аԥхьатәи ашьапқәагьы. Урҭ инарышьҭалоит аҵыхәа, нас аџьымшьқәа. Аџьымшьқәа цәышԥшхәшәуп ирымоу.

— Брежнев иџьымшьқәа иреиԥшхеит, – длафуеит Саида.

Сааҭкгьы цқьа имҵит ҳласба хәыҷы Sputnik рԥшьшьаны ианаақәгыла. Уи Саида ҳҭыхратә гәыԥ ҳамҭас иалҭеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0