00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:00
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Актуальный комментарий
14:33
12 мин
Ажәабжьқәа
18:01
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
2 мин
Новости
21:31
3 мин
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Актуальный комментарий
18:34
12 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
Актуальный комментарий
21:34
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Џьынџьалԥҳа: "Аҵаа Бабадус уҟала" қәҿиарала имҩаԥысит

© Sputnik Анжелика БенияАкция КБФ "Ашана". Стань Дедом Морозом.
Акция КБФ Ашана. Стань Дедом Морозом. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа акциа "Аҵаа Бабадус уҟала" аихшьаала ҟалҵеит.

АҞӘА, ажьырныҳәа 5– Sputnik. Акультура-гәыҳалалратә фонд "Ашана" адиректор Мактина Џьынџьалԥҳа арадио Sputnik Аԥсны аинтервиу аҭо илҳәеит акциа "Аҵаа Бабадус уҟала" қәҿиарала имҩаԥысит ҳәа.

"Ашықәс ҿыц аламҭалаз имҩаԥаагеит акциа "Аҵаа Бабадус уҟала". Иара ахықәкы: афонд хылаԥшра знаҭо аҳамҭақәа рзыҟаҵароуп. Уи азы дарбанызаалак илшон Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи рроль анагӡара, ахәыҷқәа ргәы ззыҳәоз аҳамҭақәа раахәара. Ҳара урҭ ахәыҷқәа рысаламшәҟәқәа аинтернет ахь ицәыраагеит. Урҭ ирыԥхьоз аҳамҭақәа аархәон, ҳара иаҳзааргон, изҭахыз ирылшон асаламшәҟәы зҩыз иахь хаҭала анагара", — лҳәеит лара.

Аҳамҭақәа аарышьҭуан Урыстәыла, Ҭырқәтәыла рҟынтәи ҳџьынџьуаа.

"Аҳамҭақәа роуит 40-ҩык, Аҵаа Бабадуи Асҭыԥҳаи рыгәра зго, ирзыԥшыз ахәыҷқәа", — лҳәеит адиректор.

Ахәыҷқәа ракәзар, ргәаҳәарақәа еиуеиԥшымызт.

"Иҟан апарпар зҭахыз, ала зҭахыз, амаҭәа ԥха иаҳәоз"́, — лҳәоит Џьынџьалԥҳа.

Иара убасгьы имҩаԥган акциа ҿыц "Ибеиоу ашәахьа". Иара ахықәкы: афонд зхылаԥшуа ахәыҷқәа рыцхраара ауаа радыԥхьалара.

"Акциа хацыркхеит ԥхынҷкәын 25 рзы. Иара аиԥш зеиԥшу акциа мҩаԥысуеит еиуеиԥшым атәылақәа рҟны", — лҳәеит "Ашана" адиректор.

Иара убри амш аҽны ирацәаҩуп афондахь аԥара ахызыԥхьаӡалаз ҳтәылауаа. Иазыԥхьагәаҭоуп акциа есышықәса имҩаԥгахаларц. Акциа мҩаԥыслоит ес-шәахьа, аӡынразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0