АҞӘА, ажьырныҳәа 12– Sputnik. Инар Гыцба Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура адиректорс дҟаҵоуп ҳәа аанацҳауеит Аекономика аминистрра аофициалтә саит.
Инар Гыцба диит мшаԥымза 28 1985 шықәса рзы, Тҟәарчал.
2012 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Ҭырқәтәылеи Мрагылара ааигәеи рыҟәша аиҳабыс аус иуеит.
2013 шықәса рзы Аԥсадгьыл ахь архынҳәраз аилак ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп.
2014 шықәса рзы Аԥсны Ахаҭарнакс Ҭырқәтәылаҟа дышьҭуп.
2017 шықәса рзы Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵа ҷыдақәа зманы Ҭырқәтәыла иҟоу цҳаражәҳәаҩуп.
Инар Гыцба Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура адиректор Алмас Ҭаниа диԥсахит.