Сырма Ашәԥҳа, Sputnik.
Аџьмашьтәа нцәахәык, культк аҳасабала, аԥсуаа акыр ирылаҵәан иҟан. Убас еиԥш ирылаҵәан иҟан адыга жәларгьы. Избанзар, урҭ хылҵшьҭрала, бызшәала еизааигәан, убри аҟынтә рмифалогиа, рдинқәа акыр аиԥшзаарақәа рыман.
"Ииасуа ашықәси, Ашықәс Ҿыци рҽанеиҭнырыԥсахуа аҽны, имҩаԥыргоз аныҳәаҿы аџьма ашьтәа аҵак ду аман. Еиҳарак аԥсуаа аџьмашьтәа ршьуан Ажьира Анцәахәы ихьӡала. Уи аныршьуаз аҟәаҟәа аӡы хьшәашәа ақәырҭәон. Убри аамҭазы, аӡы наҟ иахьыкәкәаны ицар, ашьтәа аҽаршәшәар, ашьра иаԥсоуп ҳәа ирыԥхьаӡон, аҽамыршәшәар иззыркуаз Анцәахәы изы ашьра иаԥсам хәа наҟ иаурышьҭуан. Азқәа аӡы анықәырҭәалак, зыҽзыршәшәоз даҽа шьтәак рыԥшаауан, убри акәын иршьуазгьы", — ҳәа азгәеиҭон аԥсуа ҵарауаҩ Сергеи Зыхәба.
Аџьмашьтәа Анцәахәқәа зегьы ирзыршьуамыт. Дырмит Гәлиа иусумҭақәа рҿы излазгәеиҭо ала, аԥсуаа рынцәахәқәа ргәы злаҟарҵоз аԥстәқәа еиуеиԥшымызт. Еиуеиԥшым Анцәахәқәа рыхьӡала, еиуеиԥшым аԥстәқәа ршьуан. Уимоу, аԥсаатә аныршьуазгьы ыҟан.
"Иаҳҳәап ауаҩы ахыхьра ҵигар, уи ашьырхынҵ ҳәа иашьҭан. Ахыхь-ашьырхынҵ анцәахәыи, аԥынҵа ашьацара анцәахәыи ирызкны имҩаԥыргоз Агырӡ ныҳәа ҳәа иашьҭан. Уи иазкыз аныҳәараҿы хәыц шкәакәа зламыз акәтеиқәаҵәа акәын иршьуаз. Аца хьаа змаз, уи Анцәахәы Анаԥли изкны, ауасашьтәа ршьуан. Аарҩара аныҟалалак, ақәа аурц ацуныҳәа анымҩаԥыргоз, адыдмацәыс Анцәахәы –Афы ихьӡала ацә ршьуан", — ҳәа дазааҭгылоит аҵарауаҩ.
Аԥсуаа рҿы аҭыԥ ду ааннакылоит Ажьырныҳәа. Иахьагьы уи мҩаԥызгақәо маҷӡам. Ажьыра Анцәахәы ҳәа дыԥхьаӡан Шьашәы. Анцәа ду иаамышьҭахь, зегь реиҳа зылшо иоуп ҳәа дрыԥхьаӡон. Иара быжьхаҿык имоуп ҳәа дыԥхьаӡан. Убри аҟынтә быжьныхак дрынцәахәуп. Дузыцәгьахар, илеишәа цәгьоуп ҳәа дрыԥхьаӡон.
"Шьашәы ишиқәнаго имаҵ умур, имарҭхәқәа зегьы ҟаумҵар, дуԥырхагахоит ҳәа агәра ргон аԥсуаа. Амц уҳәар хҿыхгас иумоу Шьашәы иоуп рҳәон. Ахҿыхга ашьтәа ажьираҿы инаганы, Шьашәы ихьӡала ишьны, уимҵаныҳәаны угәнаҳақәа ухыухыр, ухы ҿухуан", — иҳәоит Сергеи Зыхәба.
Аԥсуаа, Ажьырныҳәа мҩаԥыргоит знык, Ашықәс Ҿыц аламҭалазы. Лымкаала уи мҩаԥызго Ажьира змаз ракәын. Ажьарныҳәаҟны иршьуаз аџьмашьтәа акәын, абаӷь ҟаломызт. Аԥсуаа рҿы, ашьтәа ҳәа изышьҭоу, аиха иҵыргахьоу, ицқьоу аџьмашьтәа ауп. Абаӷь ажьы усҟак ҳаҭыр ақәмызт, ицқьам ҳәа рыԥхьаӡон, аишәагьы иқәырҵомызт.
Аџьма иадҳәалоу ажәаԥҟақәагьы маҷым. Иаҳҳәап: Аџьма ушьыргьы ала ааԥшуеит. Аџьма иреицәоу абора аҭыниоит. Аџьма анынҵәаша тәыҩала еисуеит. Аџьма имԥсыша амаҵә азылаҟәуеит.
Иҳамоуп аџьма иадҳәалоу ацуфарагьы: "Аҩныҟа ианцо абнахь зхы хо, Абнахь ианцо аҩныҟа зхо". Аџьма атәыҩақәа рзы ауп изҳәо.
Ашықәс Ҿыц аныҳәа иара ахатә ҷыдарақәагьы амоуп.
"Ашықәс Ҿыц азы, иршьыз ардәынақәа арԥшӡагақәа рыла ирҩычон, араӡын ԥара наганы ардәына аҿы иҭарҵон, нас ашәшь абыӷьқәа рыла иҭалаҳаны иҟарҵон, абнараса амахәқәеи, ашәҭқәеи, ашәырқәеи рыла еибыҭаны адныҳәаларак аҳасабала, иргәаԥхоз аԥҳәызба илзырҭиуан. Ас еиԥш иҟаз аҳамҭа зауз аԥҳәызба, аҭак аҳасабала, илзыназышьҭыз арԥыс изылҭиуан лара лнапала иҟалҵаз ачабра, ампахьшьы, ақьаса", — ҳәа азгәеиҭоит Зыхәба.