Амандарина ҳанақәӡуаз аамҭагьы ыҟан

© Sputnik / Томас ТхайцукСбор мандарин
Сбор мандарин - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Асовет аамҭақәа раан, ақыҭауаа рхатәы аалыҵқәа ишрықәиҭымз, аха зегь акоуп џьоукы-џьоукы аҳәынҭқарра иацәыҵәахны аԥара шаҭнырхуаз атәы еиҭеиҳәеит Владимир Жьиба.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа.

Есышықәса Лӡаатәи сҩызцәа Беслан Амԥари Цицина Еныкьԥҳаи аӡын хәы ҳәа ацитрустә шәырқәа сзырҵәахуеит. Сынтәа, дара рҟны ибзианы иит амандаринеи апатырқали. "Саида бхәы ҳҵәахит, бааины ига" анырҳәа, Ашықәс ҿыц аламҭалазы шәкьылак Лӡаатәи ацитрустә шәырқәа аазгеит. Сара саныхәыҷыз аахыижьҭеи амандарина бзиа избоит. Акы ҩба рҟны саанымгылакәа, асаан иану ҭасырцәаанӡа садҵӡом.

Ҳақы Заде иҭаацәа - Sputnik Аҧсны
Диана Задеԥҳа: сандуи сабдуи Сариа Лакоба лзы ашәы ршәуп ҳәа, Аԥсны иахцан

Уажәааигәа, саб "Анцәа иџьшьоуп, асоветтә система бахьахааным, акәымзар, ари аҟара амандарина ыфаны азакәан бақәдмыршәар руамызт", — иҳәеит дԥышәарччо. Избан саб, ҳәа саниазҵаа, иара дызқәшәахьаз хҭыск сзеиҭеиҳәеит.

"Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анеилга, асовет уаа азеиԥш ԥсадгьыл ашьҭыхра иалагеит. Уахыи ҽныи рхы иагыжьны аҳәынҭқарразы акыршықәса акрыруан. Ақыҭауаа ракәзар, ршәыри руҭраҭыхи дара ишырҭахыз ирзыҭиуамызт. Зегьы иахьарҭоз адкыларҭатә ҭыԥқәа рҟны ауп акәымзар, аџьармыкьа уқәгыланы аҭиразы азин ыҟамызт, аҳәынҭқарра ахарџь ауҭоит ҳәа иԥхьаӡан. Арра схыганы сқыҭахь Мгәыӡырхәаҟа санаа, сҩызаки сареи иҳаӡбеит, амандарина ҳаманы Киевҟа ҳцарц, Ашықәс ҿыц ааигәахеит, аԥара бзианы иаҳнаҭоит ҳәа неибаҳҳәеит", — игәалаиршәоит саб.

Ус Гәдоуҭантәи ицоз адәыӷба реидара нақәырҵан, авагон амҩақәҵаҩ ԥарак налырҭан, амилициа аусзуҩцәа ирцәыҵәахны Киевҟа ашәыр рҭиитә рыманы ицеит.

"Аџьармыкьаҟны ҳаннеи, иаҳбеит уажәы-уажәы амилициа аусзуҩцәа ацәаҳәақәа ишрылсуаз. Акрыҭиицәа ԥсеивгаха шрырымҭоз, азакәан иақәымшәоз тауарк рылаԥш иҵашәар ижәҩа данкны дыргон, аҭакра иқәырҵон. Асцәҟьа аҭагылазаашьа уадаҩуп ҳәа ҳаҟамызт, аха ҳаҷкәынра ҳарласуан аҟнытә, ҳшәомызт. Ҳзааигәара игылаз амилициа аусзуҩ ҳнаидгылан, ҳаумыргаман, Аԥснынтәи амандарина ааҳгеит, иаҳҭиир ԥарала уҳаргәаауам ҳәа наиаҳҳәеит. Иаргьы иаразнак дақәшаҳаҭхеит. Егьырҭ аџьармыкьа ахылаԥшаҩцәа ҳлаԥшықәрымҵарц азы, ҳахьгылашаз аҭыԥ ҳирбеит. Амала, "шәаԥҳьа ҩбаҟа цыра роуп иқәышәҵаша, аахәаҩцәа усгьы ирбоит, акәымзар шәысзыхьчом. Аформа зшәу аӡәыр дыжәбозар, ԥшьала шәџьыбахь ишәҵәахуеит" — ҳәа наҳабжьеигеит", — ахҭыс еиҭеиҳәоит Владимир.

Иван Балин имаругақәа - Sputnik Аҧсны
Гаграа ирҳәоит: абраҟа дынхон абџьарҟаҵаҩы - Иван Балин

Абас мацара, аџьармыкьаҟны цыра-цырала амандарина цәырганы ирҭизаап. Уи нахысгьы, саб иҩызеи иареи аҳәынҭқарра "иавганы" акрыҭиира ргәахәшәазаап.

"Иҳарҳаз аҟара ахарџь ҳауит. Аха уи хьаас измадаз. Ҳахьҭарымказ ҳаигәырӷьон. Киевтәи аџьармыкьаҟны ҳанықәгылаз сгәылагьы даасгәалашәеит. Урыстәыла адаԥ бӷьы шиҭиуаз дааныркылан, жәашықәса иқәҵаны дҭаркит. Абас асовет система ԥсеивгаха ҳнаҭомызт", — игәалаиршәеит саб.

Сара сахьтәаз, "Анцәа иџьшьаҵәҟьоуп асовет ситема сахьахааным", — сҳәан, уажәшьҭа апатырқал зныз асаан ахь снапы насырхеит.

Ажәабжьқәа зегьы
0