Ансамбль "Амцабз" ачемпионат аартра иалахәхоит

© Фото : Предоставлено организаторами"Амцабз" стал обладателем ГРАН-ПРИ международной премии Art Open World
Амцабз стал обладателем ГРАН-ПРИ международной премии Art Open World - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
2018 шықәсазтәи ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат аартразы анагӡаҩцәа реиндаҭлара "Art open world" мҩаԥысит Урыстәыла ақалақьқәа Москва, Воронеж, Ростов рҟны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 16– Sputnik. Ашьапылампыласразы Адунеи Ачемпионат 2018 аартразы имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аицлабра "ART OPEN WORLD" аҿы Москва еиҿкаау ахәыҷтәы ансамбль "Амцабз" гран-при иаԥсахеит, ансамбль "Амцабз" ачемпионат аартра иалахәхоит ҳәа Sputnik Аԥсны ҭелла иазеиҭеиҳәеит актиор, ахореограф, ансамбль "Амцабз" асахьаркыратә напхгаҩы Лаша Марыхәба.

Лаша Марухба - Sputnik Аҧсны
Арадио
Марыхәба: ансамбль "Амцабз" акәашаҩцәа иреиҳау ахәшьара иаԥсахеит

"Ҳахьықәгыло макьаназ еилкаам, аха ачемпионат аатуеит рашәарамза 14 рзы. Уи аҽны аконцерттә плошьчадкақәа рацәахоит, ҳара иҳақәшәо аҭыԥ алкаам", — иҳәеит иара.

Марыхәба иажәақәа рыла 2018 шықәсазтәи ашьапылампыл азы Адунеи ачемпионат аартразы анагӡаҩцәа реиндаҭлара "Art open world" ҳансамбль ианаҭеит алшара аҽалкааразы.

"Ажьырныҳәа 13 рзы ҳақәгылеит. "Жәлар рыкәашара" аноминациаҿы ҩ-кәашарак дҳарбеит, рыҩбагь аԥхьаҳәқәа ааныркылеит, гран-при ҳаԥсахеит. Аӡӷабцәа "Даӷьсҭанаа рықәашара" ӡырыргеит, аҷкәынцәа- "Ашьхарыуаа рыкәашара". Уажәы аиҿцәажәарақәа цоит Ашьапылампыласразы Адунеи Ачемпионат аартра алахәхаразы", — иҳәеит Лаша Марыхәба.

© Фото : Предоставлено организаторами"Амцабз" стал обладателем ГРАН-ПРИ международной премии Art Open World
Амцабз стал обладателем ГРАН-ПРИ международной премии Art Open World  - Sputnik Аҧсны
"Амцабз" стал обладателем ГРАН-ПРИ международной премии Art Open World

Абри атәы шәазыӡырҩыр шәылшоит абра>>

Art open world аҟны иқәгылан Урыстәыла ахы-аҵыхәаҟынтәи аколлективқәа маҷымкәа.

ГИТИС аушьҭымҭа Лаша Марыхәба 2012 шықәсазы еиҿикааит ахәыҷтәы фольклортә ансамбль "Амцабз". 2015 шықәсазы ансамбль "Амцабз" ианашьан еиуеиԥшым афестивальқәа рыхраҿақәа, ианашьахахьеит аҳаҭыртә хьӡы "Член WADA" (World Artland Dance Alliance).

Ашьапылампыл азы Урыстәыла ачемпионат мҩаԥысраны иҟоуп 2018 шықәса, рашәарамза 14 инаркны ԥхынгәы 15 рҟынӡа.

Ажәабжьқәа зегьы
0