Акриптовалиута ахәԥса еиҳагьы илаҟәит

© Sputnik / Владимир Астапкович / Амедиаҵәахырҭахь аиасраКриптовалюта биткойн
Криптовалюта биткойн - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Биткоин ахәԥса лаҟәит аҽазныкгьы. Уажәы иара ахәԥса иартәоит 10 000 доллар.

АҞӘА, ажьырныҳәа 17 — Sputnik. Иахьазы адунеи аҟны зхыԥша дуу авалиута — Биткоин ахәԥса лаҟәхьан Аладатәи Кореиа аиустициа аминистр акриптовалиутала ахәаахәҭра ҟалом ҳәа аҳәамҭа аныҟаиҵа ашьҭахь. Уажәы аҽазныкгьы биткоин ахәԥса лаҟәит. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Города Мира. Каракас. Архивное фото - Sputnik Аҧсны
Венесуела акриптовалиута аларгалоит

Апортал CoinMarketCap адыррақәа рыла 8,7% илеит, иагьартәеит 13,13 нызқь доллар. Абиржа Bitfinex аҟны акриптовалиута 6,3% илеит, иартәеит 13,36 нызқь доллар, абиржа GDAX аҟны — 6,3% илеиит, иартәеит 13,47 нызқь доллар. Апортал Coindesk ишаҳәо ала, биткоин 11% рҟынӡа илеит, иартәеит 13,25 нызқь доллар.

Уаанӡа Биткоин ахәԥса лаҟәхьан Аладатәи Кореиа аиустициа аминистр Пак Сан Ги акриптовалиутала ахәаахәҭра ҟалом ҳәа аҳәамҭа аныҟаиҵа ашьҭахь.

CoinMarketCap иҟанаҵо адыррақәа рыла акриптовалиута Ethereum 15,8% ахәԥса каҳаит, иартәеит 1,16 нызқь доллар, Ripple — 17,5%, иартәеит 1,64 доллар, Bitcoin Cash — 2,5%, иартәеит 2,41 нызқь доллар.

Биткоин абжьаратә хәыԥса рыԥхьаӡоит адунеиаҿ иреиҳау акриптобиржақәа ԥшьба рҿы: Bitfinex, Bitstamp, Coinbase, itBit.

Ажәабжьқәа зегьы
0