"Ашана": ԥшьышықәса зхыҵуа Самир Габелиа ацхыраара иҭахуп

© Фото : КБФ "АШАНА"Самир Габелия
Самир Габелия - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Москва агәыбзеирахьчара адепартамент аҿы ДЦП змоу Самир Габелиа ацхраара иҭара иазыхиоуп.

АҞӘА, ажьырныҳәа 19 – Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Ԥшьышықәса зхыҵуа Самир Габелиа иаарласны ацхыраара иҭахуп. Аҽыхәшәтәра ахәԥса – 350 000 мааҭ, лҳәеит агәыҳалалратә фонд "Ашана" анапхгаҩы Мактина Џьынџьалԥҳа.

"Самир дызныҟәаӡом, дызгылаӡом, ихалагьы дызтәаӡом. Ахәыҷы дагьцәажәаӡом, ажәа "ааи" ада акгьы иҳәом. Самир даара аччара бзиа избо, илахҿыху хәыҷуп", — нацылҵеит лара.

Самир Габелиа иаарласны агәаҭарақәеи аиҭашьақәыргыларатә ҽыхәшәтәреи дахысроуп. Иара изыԥшуп Москватәи анаука-практикатә центр аҿы, лҳәеит Џьынџьалҳа.

"Аҳақьымцәа ирҳәоит аҷкәын ихәҭоу ацхыраара иоур, ихала ихы дацхраартә аҭагылазаашьа шиоуа, аԥхьа атәашьа, нас амаҭәарқәа ркышьа. Самир иан акыраамҭа дыззыԥшу ажәа "мама" лаҳартә иҟалоит", — лҳәеит Мактина Џьынџьалԥҳа.

Самир иан, Ека Габелиа – лхала ҩыџьа ахыҷқәа лааӡоит, Самир димоуп иашьеиҳабы, Динар.

Самир еснагь аӡә дидтәалазароуп, Ека аус луртә еиԥш аҭагылазаашьа лымам. Ахәыҷы аханатә ихәҭаз ацхыраара имоуит, уи еиԥш алшара лымамызт. Ԥшьышықәса ирылагӡаны, Самир,  ҩымчыбжь заҵәык роуп Аҟәа ареабилитациа дахьахысхьоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0