Македониа ауааԥсыра ареферендум аҿы ирыӡбоит рҳәынҭқарра иахьыӡхо

© Sputnik / Юрий Кавер / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВид на город Охрид и Охридское озеро. Республика Македония.
Вид на город Охрид и Охридское озеро. Республика Македония. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Македониа ахьӡ акрааҵуеит Бырзентәылеи дареи еимаркуеижьҭеи. Бырзентәыла абри ахьӡ аԥсахра аҭахны иҟоуп иара иаԥну абырзен Македониа иахьӡныршьалоит ҳәа иԥхьаӡаны.

АҞӘА, ажьырныҳәа 22 — Sputnik. Македониа имҩаԥысраны иҟоуп азеиԥшмилаҭтә референдум, атәыла ахьӡ ашьақәыргыларазы иҳәеит Аԥыза-министр Зоран Заев. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Ҳара иаҳҭахуп атәыла ауааԥсыра ргәаанагара атәыла ахьӡ шьаҭаны иаиурц", — иҳәеит Заев.

Македониа ахьӡ акрааҵуеит Бырзентәылеи дареи еимаркуеижьҭеи. 1991шықәсазы Иугославиа анеилаҳа ашьҭахь ицәырҵит абри апроблема. Бырзентәыла абри ахьӡ аԥсахра аҭахны иҟоуп иара иаԥну абырзен Македониа иахьӡныршьалоит ҳәа иԥхьаӡаны. ООН ахь 1993 шықәсазы аҳәынҭқарра анрыдыркылоз Уаанӡатәи иугославиатәи Ареспублика Македониа ҳәоуп ишрыдыркылаз.

Уажәы аӡбра рызрыдымкылар, Бырзентәыла Македониа НАТО алалара иаԥырхагахоит.

Аҳәынҭқарра ахьӡ ҳәа иахьазы хә-вариантк ирыхәаԥшуеит: Ареспублика Македониа Ҿыц, Ареспублика Аҩадатәи Македониа, Ареспублика Нхыҵтәи Македониа, Вардартәи Ареспублика Македониа, Ареспублика Македониа (Скопье).

Ажәабжьқәа зегьы
0