Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Пасхалов: аҵара аминистрра иаҳнаҭаз амашьына ааӡаратә процесс азы ихәарҭоуп

Анапаҵаҩра
Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра Калдахәаратәи ашкол-интернат жәаф-ҭыҧ змоу автобус ҳамҭас иарҭеит, иҳәеит арадио Sputnik амҩаԥгаҩ Сусанна Саӡԥҳа ҭелла дзыҿцәажәоз ашкол адиректор Дмитри Пасхалов.
"Хра злоу ахҭысқәа": Дмитри Пасхалов Калдахәаратәи ашкол-интернат иарҭаз амашьына иазкны

"Аҧсны аҵареи аҭҵаарадырреи рминистрра ахь аҳәара ҟаҳҵахьан амашьына ҳҭахуп ҳәа, ҳажәа иахаҵгылеит Аԥсны аиҳабыра. Аколлектив даара еигәырӷьеит, избан акәзар, иара акырӡа ҳҵара-ааӡаратә процесс аҟны ихәарҭахоит", — иҳәеит Пасхалов.
Шәазыӡырҩла арадио Sputnik Аԥсны ишиашоу ицо аефир, асааҭ 18:00 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0