Шьамтәылатәи Африн аибашьра ӷәӷәа цоит

© AFP 2023 / Nazeer al-KhatibСирийские повстанцы
Сирийские повстанцы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи аҳаиртә авиациа ажәылара иахҟьаны ԥшьҩык аҭынч уааԥсыра ҭахеит, 14-ҩык ахәрақәа роуит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит "Шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәа" ркомандаҟаҵара.

АҞӘА, ажьырныҳәа 24 — Sputnik. Шьамтәылатәи Африн аибашьра ӷәӷәа цоит. Ҭырқәтәылатәи аҳаиртә авиациа ажәылара иахҟьаны ԥшьҩык аҭынч уааԥсыра ҭахеит, 14-ҩык ахәрақәа роуит ҳәа аҳәамҭа ҟарҵеит "Шьамтәылатәи адемократиатә мчрақәа" (SDF) ркомандаҟаҵара. Абри атәы аанацҳаит РИА Новости.

SDF адыррақәа рыла акурдцәа рымчқәа иҭадырхеит 37-ҩык Ҭырқәтәыла иадгылоз аибашьцәа, акәлӡымашьынақәа ҩба, арратә машьынак.

Хамам араион иахьаҵанакуа аибашьра ӷәӷәа цоит, акурдеибашьцәа аисламисттә батальон "Самарканд" акомандир Фаиад Аль-Халаф дҭадырхеит.

"Акурдцәа рган адыррақәа рыла ҭырқәтәыла ар рҽазыршәоит аҳаракыра Касталь Джандо анапахьы аагара.

Ҭырқәтәыла атанкқәа - Sputnik Аҧсны
Ҭырқәтәыла шьамтәылатәи Африн атанкқәа аланагалеит

Ажьырныҳәа ҩеижәа рзы "Зых иақәиҭу шьамтәылатәи ар" акурдцәа рпартиа PYD апозициақәа ирыжәлоит ҳәа адырра ҟанаҵеит РИА Новости амаҵзура Anadolu адыррақәа шьаҭас иҟаҵаны.

Уаанӡа Ҭырқәтәыла Ахада Реджеп Таиип Ердоган аҳәамҭа ҟаиҵахьан ҭырқәтәылатәи ар шьамтәылатәи Африн аҟны аоперациа шхацнаркыз. Аамҭақәак рышьҭахь ҭырқәтәылатәи АИх адырра ҟарҵеит Ҭырқәтәыла ар Африн иҟоу PYD апозициақәа аҳауаҟынтә ирылахысуа ишалагаз.

Ҭырқәтәыла Аԥыза-министр Бекир Боздаг аҳәамҭа ҟаиҵеит абри аганахь ала Москвеи Вашингтони дареи аиҿцәажәарақәа шрымаз.

Шьамтәылатәи акурдцәа рырратә еиҿкаара YPG, Ҭырқәтәыла террористтә еиҿкаароуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Ажәабжьқәа зегьы
0