Апарламент анаркотикатә маҭәашьарқәа ҟаҵаны аԥсҟы зкуа ирылацәажәоит

© Sputnik Бадрак АвидзбаЗаседание парламента
Заседание парламента - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара ахылаԥшразы акомиссиа аилатәара мҩаԥнагеит ажьырныҳәа 24 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ицоит аусурақәа административтә зинеилагара азакәанеидкыла ахәҭаҷ 119 аԥсахрақәа ралагаларазы. Урҭ инарықәыршәаны анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәа зыдкыланы амашьына аԥсҟы зкуа рахьырхәра рӷәӷәахароуп иҳәеит Аԥсны Апарламент анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәа изакәанымкәа реикәыршара ахылаԥшразы акомиссиа алахәыла Дмитри Дбар.

"Анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәа зыдкыланы амашьына аԥсҟы зкуа рахьырхәра рӷәӷәахароуп, аштраф ахышәа-ҵышәа 60 000 мааҭ инаркны 120 000 мааҭ рҟынӡа ихагалатәуп", — иҳәеит Дбар.

Иахьазы ари аштраф иартәоит 12 000 мааҭ.

Апарламент аҟны иаԥҵоуп анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшраз акомиссиа - Sputnik Аҧсны
Апарламент аҟны иаԥҵоуп анаркотикқәа реикәыршара ахылаԥшраз акомиссиа

"Ҳара ажәалагала ҟаҳҵоит административтә хьырхәрагьы еиҳа иӷәӷәахарц, 30 инаркны 60 уахи-ҽни аҭакра рықәзарц. Ҳгәыӷуеит арҭ ауснагӡатәқәа аҭагылазаашьа еиӷьыртәып ҳәа. Ауаҩы ихымҩаԥгашьазы ахьырхәра дшақәымшәо анидыруа акгьы хьаас икӡом", — иҳәеит иара.

Иара иазгәеиҭеит иахьазы анаркотикқәа зыдкылан иҟоу аԥсҟы зкуи апассаџьыри анааныркыло апассаџьыр 15 уахи-ҽни дааныркылоит, аԥсҟы зку 12 000 мааҭ идыршәоит ҳәа.

Аԥсахрақәа хымԥадатәхеит еиҳа-еиҳа ирацәахо амашәырқәа ирыхҟьаны.

Дмитри Дбар инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Ашьаустә закәанеидкыла ахәҭаҷ 1 224-тәи ахәҭагьы алацәажәара ишаҿу. Иара азырхоуп анаркотикатәи аԥсихотроптәи маҭәашьарқәеи урҭ ирзааигәоуи Аԥсны Аҳәынҭқаррахь ралагалареи Аԥсны Аҳәынҭқарраҟынтә ралгареи рызҵаара.

Асеиԥш иҟоу аумҭазы адепутат иҳәоит ацәгьоуцәа 15 шықәса инаркны 20 шықәса рҟынӡа ҭакрыла ирықәҵаны 10-25 нызқь џьахәыеиҵа дыршәара мамзаргьы ԥсраҽнынӡа ҭакрыла рхыгара аҟаларазы ажәадгала шыҟоу.

"Макьаназы аусутә гәыԥ абри ахәҭаҷ аус адырулонаҵы Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрра, Апрокуратура хада, Ашәарҭадаратә маҵзура ражәалагалақәа аздырхиоит", — иҳәеит Дмитри Дбар.

Ажәабжьқәа зегьы
0