Мадуро атәыла Ахадас ихы ықәиргылоит

© AFP 2023 / JUAN BARRETOПрезидент Венесуэлы Николас Мадуро. Архивное фото.
Президент Венесуэлы Николас Мадуро. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Венесуела Ахада иалхра мҩаԥысыр алшоит мшаԥымза 30 2018 шықәса рзы, уаанӡа ашықәс анҵәамҭаз ҳәа шрылаҳәаз акәымкәа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25 — Sputnik. Венесуела иахьатәи Ахада Николос Мадуро официалла ирылеиҳәеит аҩбатәи ахадаратә ҿҳәараҿы икандидатура шықәиргыло. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

"Сара сақәшаҳаҭхеит 2019-2025шш. рзы атәыла Ахадас аҟаларазы ахықәыргылара. Шәҿаԥхьа ҭоуба зуеит венесуелатәи аусуцәа рыкласс ахьӡала кандидатс сшықәгыло", — иҳәеит Мадуро.

Ииасыз аҩашаҽны Мадуро аҳәамҭа ҟаиҵеит иааиуа алхрақәа раан икандидатура шықәиргыло. Венесуела амилаҭтә шьаҭаркратә еизара аӡбрала алхрақәа мҩаԥысыр алшоит мшаԥымза 30 2018 шықәса рзы, уаанӡа ашықәс анҵәамҭаз ҳәа шрылаҳәаз акәымкәа.

Мадуро, Уго Чавес ахадас иҟазаараан атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. Атәыла ахадас далхын 2013 шықәса рзы. Алхрақәа раан иара иаԥигеит дызцықәгылаз аоппозициатә кандидат Енрике Каприлеса.

Ажәабжьқәа зегьы
0