Уаԥстәылеи Қырҭтәылеи рҳәааҿы лассы-лассы ахысрақәа аҭыԥ роуеит

© AFP 2023 / MIKHAIL MORDASOVЮжная Осетия. Архивное фото.
Южная Осетия. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
МПРИ аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаԥс делегациеи ақырҭуа делегациеи реиԥылараан ауаԥс делегациа Евроеидгыла ахылаԥшцәа рмиссиа алахәылацәа азхьадырԥшит аҳәааҟны апровокациақәа аҭыԥ шрымоу.

АҞӘА, ажьырныҳәа 25— Sputnik. Ақырҭуа ган аамҭа-аамҭала Аахыҵ Уаԥстәыла иаԥну аҳәаа иалахысуеит иҳәеит ареспублика Ахада ихаҭарнак Мурат Џьиоев Sputnik Южная Осетия аинтервиу аҭо.

Ахаша, ажьырныҳәа 24 рзы МПРИ аҳәаақәа ирҭагӡаны ауаԥс делегациеи ақырҭуа делегациеи Урыстәылеи Евроеидгыла ахылаԥшцәа рмиссиеи алархәны аиԥылара рыман. Аделегациақәа реиԥылараан ауаԥс делегациа Евроеидгыла ахылаԥшцәа рмиссиа алахәылацәа азхьадырԥшит аҳәааҟны апровокациақәа аҭыԥ шрымоу, ҷыдала ақыҭа Аладатәи Отреу аҟны.

"Аҵыхәтәантәи ҳаиԥылара ашьҭахь аҭыԥ зманы иҟаз Аладатәи Отреу иахьаҵанакуа аҭыԥқәа рҟны ақыҭа алахысрақәа роуп", — иҳәеит Џьиоев.

Иара иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу апровокациақәа рыҟалара шиашам, урҭ ахҟьа-ԥҟьақәа роур шалшо. Аҳәара ҟаиҵеит Евроеидгыла ахаҭарнакцәа абри аҭагылазаашьа азхьаԥшра арҭарц.

МПРИ аформат ала аиԥыларақәа мҩаԥысуеит 2009 шықәса раахыс.

Ажәабжьқәа зегьы
0