АҞӘА, ажьырныҳәа 26– Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥснынтәи 17-ҩык ашахматистцәа алахәхоит Жәларбжьаратәи ашахмат азы афестиваль Moscow Open 2018. Абри атәы радио Sputnik иазеиҭеиҳәеит ашахмат азы Аԥсны афедерациа апрезидент Константин Ҭыжәба.
"Жәантәуп абри атурнир Москва имҩаԥысуеижьҭеи. Ҳара еснагь иара ҳхы алаҳархәуеит. Уаанӡа аӡәык-ҩыџьак ракәзар иалахәыз, сынтәа жәибыжьҩык алахәхеит", — иҳәеит Ҭыжәба.
Ҭыжәба иара убасгьы иазгәеиҭеит атурнир Европа иреиҳау атурнирқәа ишреиуоу.
"Атурнир рҽаладырхәуеит Индиа, Китаи, Америка, Венесуела уҳәа адунеи атәылақәа жәпакы. Арҭ аицлабрақәа ҳара ҳбираҟ ҳаҵагыланы ҳрылахәуп. Уи гәадуроуп", — иҳәеит иара.
Аԥсуа шахматистцәа аԥхьахәтә ҭыԥқәа рахь изнеир, ироуеит алшара Европеи адунеии рчемпионатқәа ирылахәхарц.
"Аԥснынтәи атурнир ахь ицеит 7–15 шықәса зхыҵуаз ахәыҷқәа. Урҭ рыбжьара иҟоуп акыр узықәгәыӷшагьы: Дима Ҳалбад, Аинар Хәырхәмал", — иҳәоит Ҭыжәба.
Жәларбжьаратәи ашахматтә фестиваль Moscow Open 2018 жәабран 5 рҟынӡа имҩаԥысуеит.