Афедерациа Ахеилак атәылахьчараз аилак абжьагара иахәаԥшраны иҟоуп

© Sputnik / Natalya Seliverstova / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаг на здании Государственной Думы РФ на улице Охотный Ряд в Москве
Флаг на здании Государственной Думы РФ на улице Охотный Ряд в Москве - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Афедерациа Ахеилак абжьагара аҭоуп аиқәшаҳаҭра аратификациа азнаурц, уи иахәаԥшраны иҟоуп ажьырныҳәа 31 рзы.

АҞӘА, ажьырныҳәа 30 — Sputnik. Афедерациа Ахеилак абжьагара аҭоуп Урыстәылеи Аладатәи Уаԥстәылеи рыбжьара Аладатәи Уаԥстәыла арратә мчрақәа рыхәҭақәак Урыстәыла арратә мчрақәа ирылахәхарц азы аиқәшаҳаҭра аратификациа азнаурц. Абри атәы аанацҳауеит РИА Новости.

Аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩуп хәажәкыра 31 рзы.

Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны ареспублика атәылауаа Аладатәи Уаԥстәыла игылоу Урыстәыла арратә базаҟны аррамаҵзура рахысра азин роуеит еилаӡара ҳасабла.

Еилаӡара ҳасабла аррамаҵзура ахысраан ареспублика атәылауаа Алада Уаԥстәыла арратә мчрақәа рҟынтәи рхы иақәиҭтәызароуп.

Алада Уаԥстәылатәи аган аиқәшаҳаҭра аусура ианалага инаркны хымз рыҩныҵҟа аус адырулоит аштаб-табельтә документациа.

Алада Уаԥстәылатәи ар аиҿкааратә еилазаара ҿыц ахь рыиасра хыркәшахоит фымз рыҩныҵҟа, уи азы иахәҭаны иҟоу адокументациа анышьақәырӷәӷәахалак ашьҭахь.

Ажәабжьқәа зегьы
0