Гагратәи апарк аӡҭарчқәа еиҭашьақәдыргылоит

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтные работы в парке Ольденбургского в Гагре
Ремонтные работы в парке Ольденбургского в Гагре - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра, Ольденбургски ипарк аҟны Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аӡҭарчқәа реиҭашьақәыргылара иалагеит 2017 шықәса жьҭаарамзазы.

АҞӘА, жәабран 5– Sputnik, Бадри Есиава. Гагра, Ольденбургски ипарк аҟны Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара иазырхоу Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны аӡҭарчқәа реиҭашьақәыргылара иалагеит 2017 шықәса жьҭаарамзазы. Иахьазы аӡҭарчқәа хәба рҟынтәи ҩба еиҭашьақәдыргылахьеит ҳәа Sputnik акорреспондент изеиҭалҳәеит аилахәыра "ЭкоГеоПроект" анапхгаҩы Инна Барчан.

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтные работы в парке Ольденбургского в Гагре
Ремонтные работы в парке Ольденбургского в Гагре - Sputnik Аҧсны
Ремонтные работы в парке Ольденбургского в Гагре

"Апарк аҟны еимадоу аӡҭарчқәа хәба ыҟоуп. Ҩба аремонт рзааухьеит, иаҳрыцқьахьеит. Дара рхышәа-ҵышәа ҩ-нызқь метр ԥшьыркца рҟынӡа инаӡоит", — лҳәеит Барчан.

Лара иазгәалҭеит асеиԥш аусурақәа мҩаԥысраны ишыҟоу егьырҭ ах-ӡҭарчык рганахь алагьы. Урҭ рнаҩс аӡҭарчқәа еимаздо аканалқәа ррыцқьара напаркхоит. Иахәҭаны иахьыҟоу аӡцарҭа ҿыцқәа рыла иԥсаххоит.

"Шәара ижәдыруеит апарк ҩадантәи иаауа ақәарӡқәа шықәло. Убри азы ҳара иҳаӡбеит ажәытә ӡцарҭақәа ҳаԥсахырц, аиҳаракгьы аӡы рацәаны иахьықәло аҭыԥ лаҟәқәа рҟны. Урҭ аӡцарҭақәа амшын ахь рхы ҳархоит", — лҳәеит аилахәыра анапхгаҩы.

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтные работы в парке Ольденбургского в Гагре
Ремонтные работы в парке Ольденбургского в Гагре - Sputnik Аҧсны
Ремонтные работы в парке Ольденбургского в Гагре

Гагратәи апарк аиҭашьақәыргылара аҳәаақәа ирҭагӡаны иазыԥхьагәаҭоуп иара ӡылеи фымцалашаралеи аиқәыршәара. Ҳаамҭа иақәшәо аинфраструктура аиҿкаара адагьы иазыԥхьагәаҭоуп аҵиаа рацәа реиҭаҳара, аӡырчқәа рҟны аԥсыӡ рҭаҵара.

Барчан иазгәалҭеит аӡҭарчқәа рыҵаҟынтә иахьазы 1500 кубометр агәам-сам шықәгоу.

© Sputnik / Томас ТхайцукРемонтные работы в парке Ольденбургского в Гагре
Ремонтные работы в парке Ольденбургского в Гагре - Sputnik Аҧсны
Ремонтные работы в парке Ольденбургского в Гагре

"Ауадаҩра ацын апарк ахышәа-ҵышәа ахьдуу азы, 14 гектар рҟынӡа инаӡоит иара. Иара убри аан атехникатә документациа ыҟам, акоммуникациа асхемақәа ыҟам. Абри аганахь ала ҳара аусурақәа мҩаԥаагеит", — лҳәеит Барчан.

Гагра аиҭашьақәыргылара апрограмма иалоуп аколлонадагьы.

Ажәабжьқәа зегьы
0