Алхратә комиссиаҟны аҽа ҩыџьа акандидатцәа ҭарҩит

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПередача подписей в поддержку регистрации Г. Явлинского на выборах президента РФ
Передача подписей в поддержку регистрации Г. Явлинского на выборах президента РФ - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Ахадас зкандидатура ықәзыргылаз зегьы аҭаҩра аетап қәҿиарала иахысит.

АҞӘА, жәабран 9— Sputnik. Урыстәыла Ацентртә алхратә комиссиаҟны ашәҟәы иҭарҩит иаанханы иҟаз акандидатцәа ҩыџьа — Ксениа Собчаки Максим Сураикини ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.

Абасала алхратә биулитен иҭаҩхоит аа-ҩык акандидатцәа.

Собчак лҭаҩразы рыбжьы рҭиит 11-ҩык акомиссиа алахәылацәа, аӡәы иҽацәхьеикит. Собчак лхаҭа аҭаҩрахь дымнеиит, акандидат игәраргага лхаҭарнак инеигеит. Ксениа Собчак ипарламенттәым апартиа "Гражданская инициатива". Аҟынтәи дықәгылоуп.

Житель Санкт-Петербурга в пункте сбора подписей по выдвижению Владимира Путина на президентских выборах в 2018 году - Sputnik Аҧсны
Аҳәаанырцә иҟоу архәҭақәа рҟны алхра шымҩаԥгатәу ддырҵоит

Абри амш аҽны иара убасгьы икандидатура ҭарҩит Максим Сураикин, апартиа "Коммунисты России" ахьӡала. Сураикин аҭаҩратә працедура далахәын.

Апарламент иалам апартиақәа рҟынтәи иқәгыло акандидатцәа 100 000 еиҵамқәа анапаҵаҩымҭақәа еизыргароуп. Зхала зхы ықәзыргыло ракәзар, 300 000 еиҵамкәа адгылаҩцәа рымазароуп.

Зегь раԥхьа анапаҵаҩымҭа шәҟәқәа акомиссиахь инеигеит Владимир Путин.

Уи ишьҭанеит апартиа "Яблоко" аиҳабы Григори Иавлински, Борис Титов "Партия Роста" аҟынтәи, Сергеи Бабурин "Российский общенародный союз" аҟынтәи, Ксениа Собчак апартиа "Гражданская инициатива" аҟынтәи, Максим Сураикин "Коммунисты России" аҟынтәи.

Сбор подписей в Симферополе в поддержку выдвижения В. Путина на президентских выборах - Sputnik Аҧсны
Путин иалхратә штаб асаит аусура иалагеит

Амҽыша, жәабран 4 рзы алхратә комиссиа иазнархиеит анапынҵамҭақәа рыҭҵаара аԥкаанҵа.

Абри ашьҭахь имҩаԥгаз аҭаҩрақәа ымҩаԥысрала Урыстәыла ахадас аҟаларазы ашәҟәы иҭаҩуп аа-ҩык акандидатцәа: Сергеи Бабурин, Павел Грудинин, Владимир Жириновски, Владимир Путин, Ксениа Собчак, Максим Сураикин, Борис Титов, Григорий Явлински.

Урыстәыла Ахада иалхра мҩаԥысраны иҟоуп 2018 шықәса хәажәкыра 18 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0