Ашьоуракәын хықәкыс имаз

© Sputnik / Томас ТхайцукПраздничные мероприятия в день освобождения Гагры
Праздничные мероприятия в день освобождения Гагры - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иԥсы ҭаны дҳалагылазҭгьы, жәабран 11 рзы 60 шықәса ихыҵуазаарын, аибашьра аветеран, Леон иорден занашьоу, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь, ҳтәыла Мрагыларатәи аҳәаақәа зыхьчоз, зашьцәа ршьа зуаз, аҵыхәтәаны аԥсахҩы иҭаирхаз Алик Андреи-иԥа Хышба.

Sputnik, Саида Жьиԥҳа

Даҽа ҽнак еиԥшымкәа, лиирамш лгәы хыҭ-хыҭуа дазыԥшын Асҭанда. Есышықәса раԥхьатәи адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи лзыҟазҵоз лаб Алик Хышба, Гал араион аҟны имаҵуратә уалԥшьақәа наигӡон аҟнытә, шықәсык ахь знык-ҩынтә ракәын иҩныҟа Лӡааҟа данаауаз. Аха иарбан ныҳәазаалакгьы, иԥшәмаԥҳәыси, иԥҳацәа рыхҩыкгьи ҭелла рыҽрымаимдакәа иҟамлацызт.

Ростислав Кетия - Sputnik Аҧсны
Ростислав Кьетиа: Гагра ахақәиҭтәра аибашьцәа агәыӷра ҳнаҭеит

Ашьыжь инаркны аҭел абжьы гацыԥхьаӡа, ажәа "саб" аекран аҟны иныларымашь ҳәа Асҭанда лыблақәа уахь ихан. Ианылзымычҳа лхала лаб аҭел дизасит.

Аҭак ҟазҵаз, — "Саҭабымҵан, иахьантәарак сгәы бҭоуп, аха сусура аамҭеи алшареи снамҭеит", — ҳәа аб ибжьы наирган, Асҭанда длыдныҳәалеит.

Аха усҟан дара рхгьы иҭашәомызт, ари аҵыхәтәантәи шеицәажәарахоз аби аԥҳаи рыбжьара.

"Саб аҭел дахьамасуаз зынӡа сгәы снархьуан. Ибжьы ансаҳахгьы сшеигәырӷьаз еиԥш, сгәалаҟазаарагьы бжьнахит. Ахаан, абас еиԥш ибжьы гәыҿкааганы иҟамлацызт. Зны-зынла, иаарласны иԥсҭазаара шҿахҵәоз цәалашәараны иоухьазма аасгәахәуеит. Ҳаицәажәара ашьҭахь хымш ааҵуаны, ҳаб наӡаӡа дҳаԥхоит", — лҳәоит аԥҳа Асҭанда.

Алик Андреи-иԥа Хышба Гал араион аҟны имаҵуратә уалԥшьақәа шынаигӡоз, ԥхынҷкәын 26, 2006 шықәсазы аӷа дҭаирхоит.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра алагаанӡагьы, Алик Хышба ақырҭцәа аҿагылара риҭон. Ҳаӷацәа илеишәа ҷыда атәы раҳахьан, Аԥсуа гвардиа даналаз инаркны.

"Агәыԥ "Мхьедриони" алахәцәа Гагра ақалақь ажәытә хәҭаҟны Алик иҩызцәеи иареи Ԥсоуҟа амҩа ишықәыз иааныркылеит рабџьар рымырхырц. Аха Алик Хышба, хара дымхәыцкәа аграната аацәыриган, "абрацәҟьа ҳазегьы ҳаицҭахоит, акәымзар ҳаушәыжьуеит"-ҳәа ҿааиҭит. Зыԥсы иацәшәаз ҳаӷацәагьы, аԥсуа ҷкәынцәа амҩа рырымҭар амуит. Абас аџьбарреи, агәаӷьреи аарԥшны, гәшәарада иаартны ақырҭцәа аҭак риҭон",— ахҭыс далацәажәоит, Алик ианшьа иҷкәын Џьон Дбар.

Зынгьы, агвардиа алахәцәа Алик дышрыцыз, Ԥсахара (Колхида) агәаҭарақәа анымҩаԥыргоз, Галынтәи абџьар зманы иаауаз ақырҭцәа ааныркылеит, убри алагьы иааԥшит, ҳаӷацәа иҳабашьырц аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥыргоз.

Ветеран ОВНА Геннадий Гицба - Sputnik Аҧсны
Геннади Гыцба: аибашьрагьы шьцылароуп

Аиҳабыратә маҵурақәа ирхагылаз ақырҭцәа, аҽазышәарақәа мҩаԥыргон абџьар архынҳәразы, аха Алик ишиҟазшьаз еиԥш араҟагьы аџьбарра ааирԥшит.

Алик Андреи-иԥа дыруаӡәкуп, Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аналага, Цандрыԥшь аҳаблан раԥхьаӡа аӷа аҿагылара изҭаз.

Аха амчқәа ахьеиҟарамыз инамаданы, зегьы ишаадыруа еиԥш ҳаибашьцәа шьҭахьҟа ихьамҵыр амуит.

"Аибашьра раԥхьатәи амшқәа раан, Алики иҩызцәа гәыԥҩыки дәықәҵан Бзыԥҭатәи аиҩхаахь, хатәгәаԥхарала Нхыҵ-Кавказынтәи иҳацхраарц иаауаз ҳашьцәа рымҩақәа рыхьчаразы. Убраҟа, аҭыԥқәа рыҭҵааразы Цандрыԥшьтәи амилициа аҟәшаҟны аус зуаз ҩыџьа ақырҭцәа ԥшыхәра инеизаап. Рыҩџьагьы ҭҟәаны, шьҭахьҟа хьаҵшьа змамыз ҳаибашьцәа, шьхала Цандрыԥшь ахырхарҭахь идәықәлеит. Ҳара ирыхьыз ҳзымдыруа, уажәы-уажәы рыӡбахә ҳазҳәоз ажәабжь ҳазыԥшын", — игәалаиршәоит Алик иашьа Иури Хышба.

Цандрыԥшь знапаҟны иаазгаз ақырҭцәа, аԥсуа ҷкәынцәа шьхала албаара ишаҿыз адырра анроу, ргәыԥқәа руакы рышьҭарҵеит. Уи аамҭазы, ҳаӷацәа рыбжьара ацәажәарақәа ҟалеит 150-ҩык рҟынӡа Нхыҵ-Кавказынтәи иааз аибашьцәеи аԥсуааи еицны аҳабла иалаларц ргәиҭоуп ҳәа. Ажәабжь ҳаӷацәа ргәы канажьит, рымчқәа агәра рзымго иалагеит.

Уи аамҭазы Алик Хышба дызлаз агәыԥ, Ԥсоу аӡиас ирны, ӷбала Аԥсныҟа аара рҽазыршәеит.

"Ԥсоу аӡиас ҳаныр, еирманык ҳрыцҳашьаны ҳидикылеит. Ҳаԥсы анааиҭаҳк, ҳамаҭәақәа анҳарба, ҳабџьар ааҵәақәа ирҭаҵаны, инԥхьакны, абаӷәазахь аҭагылазаашьа аҭҵааразы ҳцеит. Ашьыжь Алик Хышбеи, иҳацыз Шьаҟрыл ҷкәынаки еилыркааит, Адлертәи асқьалаҟнытә, аидара мҩанызгоз аӷба ҳҭаларц зҳалшо. Машәыршәа иҳақәшәаз Аԥснытәи ҷкәынцәақәак рыцхыраарала ус иагьыҟаҳҵеит. Ҳабџьар ҳаманы ҳаԥсадгьыл ахь ҳхынҳәит", — иҳәоит уи агәыԥ иалахәыз, аибашьра аветеран Елизбар Амԥар.

Гагра араион ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа рҟнытә ахы ианақәиҭха, Алик Хышба, Оҭар Хьециа игәыԥ даланы егьырҭ ажәыларатә аоперациқәа ихы рылаирхәоит.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра анеилга, Алик Андреи-иԥа мызқәак Ԥсоутәи аҳазалхырҭаҿы аус уны, Пицундатәи амилициа аҟәшахьы диасуеит. Ҳтәыла Мрагыларатәи аҳәаа ахьчареи, арыцқьарақәа рымҩаԥгареи далахәын.

"Хатәгәаԥхарала Урыстәылантәи Аԥсныҟа иааз, акадртә офицар Родион Медведев инапхгарала лассы-лассы Гал араион ахь Пицундатәи амилициа аҟәша аусзуҩцәа ҳдәықәырҵон. Алик Хышба араҟагьы ихы бзианы иааирԥшит. 1997 шықәсазы, иусушьа ахә ҳаркыла иазгәаҭаны, Сабериа амилициа аҟәша аиҳабыс дахадыргылоит" — игәалаиршәоит, Алик аус ицызуаз Пицундатәи амилициа акапитан Сардион Багаҭелиа.

Ақырҭуа диверсантцәа Гал араион акыр шықәса ԥсеивгаха арҭомызт. Ирацәаҩӡоуп аӷа иҵеиҵахьаз арҭҟәацгақәа ирхаԥжәоз арыцқьарақәа мҩаԥызгоз аԥсуаа. Алик Хышба арыцҳара иақәшәоз аҷкәынцәа изныкымкәа раԥхьатәи амедицинатә цхыраарагьы рзааирԥшхьан.

"1998 шықәсазы, Гал змаҵуратә уалԥшьақәа назыгӡоз Лӡаатәии Пицундатәии агәыԥқәа, рҭагылазаашьа аҭҵааразы инеиз Витали Сулааи, Лиова Мықәбеи, Руслан Вели-Оглыи, Лиудвиг Амԥари, Омар Ҳашыги, дара мҩаԥызгоз Агәыбедиатәи арԥыс Едуард Шьакаиеи Пичора ақыҭан амина иахаԥжәоит. Уи даара ицәыӡ духеит ҳара ҳзы. Аҷкәынцәа рыԥсыбаҩ еидызкылаз Алик Хышба, уи нахыс зынӡа иакәымшәа иҟазшьа аҽаԥсахит. Убасҟан иара ҭоуба шьҭеиҵеит, ршьа имукәа Гал араион аҟны иусура шаанимыжьуа" — иҳәоит Сардион Багаҭелиа.

Жәышықәса рышьҭахь, 2006 шықәса, ԥхынҷкәынмзазы Алик Хышба Гал араион аҟны имаҵура хырқәшаны Лӡааҟа дхынҳәырц акәын.

Шьаҭанкыла иҽеидкыланы Гал ааныжьра дшаҿыз, абарҭ ашықәсқәа зегьы аус ицызуаз, гәрагаҩыс имаз, Ҭоԥуриа зыжәлаз ихаҭыԥуаҩ, шьҭахьҟа дхьаирԥшуеит. Лӡаатәии, Пицундатәии аҷкәынцәа рҭархара иалахәыз, аӡәк иаанханы иҟаз ацәгьауаҩы иҽԥхьакырҭа ҭыԥ сыԥшааит ҳәа наиаҳәаны.

Ауха иара иҟны даанкыланы, джьаны, арцәага маҭәашьар ифатә иналеиҵеит. Ҭоԥуриа, Алик ихатә тапанчала, дшыцәаз дҭаирхоит.

Ветеран ОВНА Вахтанг Дбар - Sputnik Аҧсны
Вахтанг Дбар: аибашьра алагеит анырҳәа, агәра сзымгеит

Анаҩс, машьынала Қарҭҟа дигарц иҽазишәеит, аха атранспорт ахьԥхасҭахаз инамаданы аҳәаа азааигәара дынижьоит. Ҭоԥуриа адҵа изҭаз, Алик Хышба дышҭаирхаз агәра диргарц азы иманы дцоит итапанчеи, аԥсы ихаҭара шьақәзыргылоз аршаҳаҭгеи.

Алик Хышба иҭаацәа излараҳаз ала, Ҭоԥуриа Қарҭаа рыдҵа ахьынаигӡаз азы, Қырҭтәыла афырхаҵа ҳәа ахьӡ ихырҵеит, ирҭеит ауаҭахи, амашьынеи. Ауаҩы дшыцәаз дҭазырхаз, дхаҵоуп ҳәа ҳаӷацәа дырԥхьаӡоит, аха уи уамашәа ибатәым, ашәаргәындара дара ишырцәаҩаз иаанхеит. Алик Андреи-иԥа Хышба иҭахара, гәалсра дула ирыдыркылеит ҳауаажәлар зегьы. Аибашьҩы ианашьоуп Леон иорден.

Сынтәа, жәабран 11 рзы, Алик Андреи-иԥа Хышба ихыҵуазаарын 60 шықәса.

Иара иҳазидымкыло адныҳәаларақәеи азеиӷьашьарақәеи рзынархазааит иҭынхаз иԥҳацәа Асҭандеи, Аминеи, Амандеи.

Заб згәазхара дыззымбаз аҭыԥҳацәа, ргәы иҭоу ахьаа ахаан иҿыцәаауам. Аха ҳара агәра ҳгоит, раԥхьаҟа аԥсҭазаара лаша шырзыԥшу. Ҽакала ҟалашьагьы амам, уи иахҭну ахә даара иҳаракыуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0