Асахьаҭыхыҩ қәыԥш: ссахьақәа сгәалаҟазаареи сцәаныррақәеи рныԥшуеит

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаЕкатерина Еџьан
Екатерина Еџьан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагратәи абжьаратә школ №2, а-11-тәи акласс аҵаҩы Екатерина Иџьиан даныхәыҷыз инаркны асахьаҭыхра бзиа илбоит. 16 шықәса зхыҵуа аҭыԥҳа лнапы иҵыҵхьеит 30 усумҭа.

Саида Жьиԥҳа, Sputnik

Екатерина Иџьиан лбаҩхатәра ааԥшит ахәыҷбаҳчаҿы. Ааӡаҩ иаразнак аӡӷаб длаԥшықәылҵеит. Асахьа анҭырхуаз, егьырҭ ахәыҷқәа раасҭа еиҳа иуадаҩыз адҵақәа лылҭон. Изныкымкәа, Катиа иреиӷьу лсахьақәа аҭӡы дырԥшӡахьан. Анаҩс, ашкол аҟынгьы, Екатерина асахьаҭыхраҿы илыцназгоз лықәлацәа ыҟамызт.

Художница Галина Атеиба - Sputnik Аҧсны
Аҭеиԥҳа: Аԥсны ҭыԥк аҟнытә ҩба-хԥа етиуд иаразнак иаԥуҵоит

"Асахьаҭыхра раԥхьатәи аурок аҟны, арҵаҩы дҵас иҳалҭеит ашҭа ҭаҳхырц. Сара сусумҭаҿы иаасырԥшит аԥсуа иашҭа. Исгәалашәоит, усҟан зегьы уамашәа ишырбаз саԥсыуамкәа, аԥсуаа рынхара атәы ахьыздыруаз. Сара сан даԥсыуоуп, убри аҟнытә ари амилаҭ абзазара анаҩс, абызшәагьы саҳауеит", — лҳәоит Катиа Иџьиан.

Ахәыҷы бзиа ибаны иалылхыз ахырхарҭа адгылара алҭон асахьаҭыхра арҵаҩы Кристина Бондаренко. Шықәсқәак ааҵуаны, Катиа лан Ииа Хонелиаԥҳагьы агәра лгеит, лыԥха асахьаҭыхраҿы илымаз аинтерес еиҳагьы аҽшарӷәӷәоз. Иагьылыӡбоит арҵаҩы дылзылкырц.

Абар уажәшьҭа фышықәса ҵуеит, Гагратәи аҟазаратә школ арҵаҩы Светлана Миролиубова Катиа аус лыдылулоижьҭеи.

© Sputnik / Саида ЖибаКартины Екатерины Иджян
Картины Екатерины Иджян - Sputnik Аҧсны
Картины Екатерины Иджян

"Арҵаҩы аус сыдылуло даланага издыраз даара ирацәахеит. Апрактика анаҩс, лара атеориагьы сеиллыркаауеит", — ҳәа азгәалҭоит Екатерина.

Асахьаҭыхыҩ қәыԥш фышықәса раахыс иаԥылҵахьеит 30 усумҭа. Урҭ ақәынҵаҟноуп иахьҭыху. Асахьақәа ртематика акырӡа иҭбаауп. Аԥснытәи аԥсабареи, анатиурмортқәеи, апортреҭқәеи уҳәа илықәманшәалахо рацәаӡоуп.

© Sputnik / Саида ЖибаКартины Екатерины Иджян
Картины Екатерины Иджян - Sputnik Аҧсны
Картины Екатерины Иджян

Катиа Иџьиан раԥхьатәи лусумҭа иахьӡуп "Аԥҳал иҭагылоу азараҟьашәҭқәа", уи ҳамҭасгьы илылҭеит лан.

"Жәларбжьаратәи аҳәса рымш аламҭалаз, сан ҳамҭас илысҭаришь ҳәа сышхәыцуаз, схаҿы иааит азараҟьашәҭқәа. Ақәынҵахь асахьа аниазга, схаҭагьы уамашәа избаратәы иԥшӡахеит. Сан ари аҳамҭа анлысҭа, дамхагәырӷьацәаны лылабжышқәагьы аахыҳәҳәалеит. Сара сзы уи даара акраҵанакуан. Избанзар сан лџьабаа рацәоуп иахьа снапы злаку аус аҟны", — ҳәа ҳаиллыркааит асахьаҭыхыҩ қәыԥш.

Катиа ҩсааҭк рылагьы асахьа анҭылхо ыҟоуп, аха аамҭа анцалак иҟалоит данеиҭазыхынҳәуа. Аҭыԥҳа еиҳараӡак аҩноуп аус ахьылуа.

© Sputnik / Саида ЖибаКартины Екатерины Иджян
Картины Екатерины Иджян - Sputnik Аҧсны
Картины Екатерины Иджян

"Сара ссахьақәа сгәалаҟазаареи сцәаныррақәеи рныԥшуеит. Иаҳҳәап сгәы шьҭыҵны саныҟоу, схы иасырхәоит илашоу аԥшшәы змоу ашәыгақәа, мап анакәха, еиҳа иҭынчу аԥшшәқәа. Асахьа анымазеихалак, раԥхьатәи ахәшьара алҭоит саҳәшьа хәыҷы Ксениа", — лҳәоит Екатерина.

Катиа Иџьиан лсахьақәа реиҳарак ҳамҭас илшоит.

"Сыуацәеи, сҩызцәеи, сырҵаҩцәеи риирамшқәеи, мамзар аныҳәақәеи раан ҳамҭас ирысҭоит. Даргьы гәахәарыла ирыдыркылоит", — ҳәа ҳаиллыркааит аҭыԥҳа.

Асахьаҭыхыҩ қәыԥш иахьа аус адылулоит "Аӡиа Риҵа" захьӡу асахьа. Араҟа иаарԥшуп, аԥсуа ԥҳәызба, афлыка ақьышә дықәгыланы, лнапқәа еиҵыхны аԥсабара деилаҳаны дшахәаԥшуа.

"Сара бзиа избоит сахьииз, сахьааӡаз сыԥсадгьыл. Ҳара ҭаацәала лассы-лассы Аԥсны аҭыԥ ԥшӡарақәа ҳарҭаауеит. Уаҟа аԥсабареи, архитектуратә баҟақәеи рфотосахьақәа ҭысхуеит. Аҩны ҳанааилак ақәынҵахь иаазгоит", — ҳәа азгәалҭоит Екатерина.

© Sputnik / Томас Тхайцук Саида ЖибаКартины Екатерины Иджян
Картины Екатерины Иджян - Sputnik Аҧсны
Картины Екатерины Иджян

Катиа Иџьиан сынтәа ашкол далгоит. Лара аландшафттә-дизаинер изанааҭ алылхит, дҭаларц лгәы иҭоуп Шәачатәи Аҳәынҭқарратә Университет.

"Абар мызқәак рышьҭахь ашколтә ԥсҭазаара нсыжьуеит, аха уи иаанагаӡом асахьаҭыхра наскьазгоит ҳәа. Аҟазара уажәшьҭа сыԥсҭазаара иузаҟәымҭхуа иадҳәалазаауеит", — ҳәа инаҵылшьит асахьаҭыхыҩ қәыԥш.

Жәларбжьаратәи аҳәса рымш ныҳәа аламҭалаз, Катиа агәаҳәара лымоуп ашкол аҟны лсахьақәа рцәыргақәҵа еиҿылкаарц. Ирзылкырцгьы лгәы иҭоуп акыр шықәса илзааԥсаз, иҭабуп ҳәа зылҳәо арҵаҩцәа.

Екатерина Иџьиан убас еиԥш агәыӷра аалырԥшит, мышкызны аԥсуа сахьаҭыхыҩ Галина Аҭеиԥҳа леиԥш ларгьы деицырдыруа дҟалап ҳәа.

© Sputnik / Саида ЖибаКартины Екатерины Иджян
Картины Екатерины Иджян - Sputnik Аҧсны
Картины Екатерины Иджян
Ажәабжьқәа зегьы
0