АҞӘА, жәабран 22 — Sputnik. Ареспубликаҿы ипроблема дуны иҟоуп иажәыз аенергетикатә инфраструктура. Аекспертцәа рыԥхьаӡарақәа рыла аусхк ишахәҭоу аиҭашьақәыргылара миллиардла аԥара аҭахны иҟоуп, иҳәеит Sputnik аинтервиу азҭаз, ауаажәларратә палата алахәыла Даниил Убириа.
Убириа иажәақәа рыла атәылахь аинвестициақәа радыԥхьалареи, аҳәаанырцәтәи аинвесторцәа ацнаплакқәа рыцаартреи рыда аенергетикатә система аусура хра аманы ашьақәыргылара уадаҩуп.
"Аенергетика аекономика лакомативк аҳасабала иазыҟоуп. Иара убри аан аинвестициақәа рацәаны иаҭахуп. Аинвесторцәа реиԥшҵәҟьа, иаҭахуп аҳәынҭқарра алахәрагьы. Аҳәынҭқаррада акаҟаҵара уадаҩуп. Аиҳаракгьы астратегиатә зҵаарақәа рыӡбараан", — иҳәоит Убириа.
Иахьазы Аԥсныҟа афымцалашара аазышьҭуаны иҟоу Егрытәи афымцатә станциа заҵәыкоуп. 2019 шықәсазы иазыԥхьагәаҭо аремонттә усурақәа раан, иара аусура аанкылара аамҭазы атәыла аенергосистема аусутә ҭагылазаашьа аманы иҟаларц азы Краснодартәи атәылаҿацә аҟынтәи афымцамч Аԥсныҟа аара алыршатәхоит. Уи азы иаҭаххоит звольт ҳараку ацәаҳәақәа рымҩангара.
Урыстәылатәи аилахәырақәа азыхиоуп апроект аинвестициа азура.
Иахьатәи аамҭазы Аԥсныҟа иаауа аинвистициақәа реиҳарак урыстәылатәиқәа роуп. Аԥсны Аҳәынҭқарра аҵакырадгьыл аҟны иҭаҩуп 230 рҟынӡа зхатә капитал змоу аилахәырақәеи 240 рҟынӡа аԥсны-урыстәылатәи аицнаплакқәеи.