Рауль Ҳаџьымба аусшәҟәқәа инапы рыҵеиҩит

© Sputnik / Томас ТхайцукЗдание администрации президента.
Здание администрации президента. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада идҵала Геннади Сыҷынаа Гагра араион ахадас далхуп, Валери Смыр – Аҟәа араион ахадас.

АҞӘА, жәабран 28 – Sputnik. Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба аусшәҟәқәа инапы рыҵеиҩит. Урҭ инарықәыршәаны Аԥсны Ахада идҵала Геннади Сыҷынаа Гагра араион ахадас далхуп, Валери Смыр – Аҟәа араион ахадас. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны Ахада иофициалтә саит.

"Гагра араион ахадас далхзааит Геннади Калистрат-иԥа Сыҷынаа, Аҟәа араион ахадас далхзааит Валери Алеқсандр-иԥа Смыр", — ҳәа аҳәоит атәыла Ахада инапы зҵеиҩыз ашәҟәы.

Заур Бганба - Sputnik Аҧсны
Гагра араион ахада Заур Бганба инапынҵақәа шьҭаиҵеит

2014 шықәса жьҭаарамза инаркны 2017 шықәса ԥхынгәымзанӡа Аҟәа араион Ахадас дыҟан Беслан Аҩӡба. 2017 шықәса ԥхынгәымза 14 рзы Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит Аусшәҟә, Беслан Аҩӡба инапынҵақәа рҟынтәи ихы дақәиҭтәызарц.

Валери Смыр уаанӡа араион Ахада ихаҭыԥуаҩыс дыҟан. 2017 шықәса ԥхынгәымза инаркны араион Ахада инапынҵақәа неигӡон.

2018 шықәса ажьырныҳәа 29 рзы Гагра араион Ахада Заур Бганба арзаҳал иҩит ԥхьатәара дышцо азы. Иара араион анапхгара аиҭон 2016 шықәса инаркны.

Жәабран 12 рзы Гагратәи ақалақьтә еизара Геннади Сыҷынаа икандидатура шьақәдырӷәӷәеит араион Ахадас.

Ажәабжьқәа зегьы
0