Аетнолог аԥсуаа арҽхәаԥхьыӡқәа шыҟарҵоз азы: аиҳабацәа ианырмаҳауаз

© Sputnik / Валерий Шустов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраДолгожители из абхазского села Джерда
Долгожители из абхазского села Джерда - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Арҽхәыԥхьыӡқәа (акомплиментқәа) адунеизегьтәи рымш (World Compliment Day) азгәарҭоитхәажәкыра 1, ааԥын раԥхьатәи амш аҽны.

АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik, Амра Амҷԥҳа. Аԥсуаа рыҟны ахаангьы иуеиҳабу иахьраҳауаз ахаҵеи аԥҳәыси арҽхәыԥхьыӡқәа еибарҳәомызт иҳәоит аетнолог Валери Бигәаа.

"Ҳәарада арҽхәаԥхьыӡ бзиа изымбо дыҟаӡам. Зегьы ргәы ҟанаҵоит, аԥсуаагь иара убас", — иҳәоит аетнолог.

Валерий Бигуаа - Sputnik Аҧсны
Аетнолог: ажәа иҭабуп ахаттцәа рынцәахәы Тару идҳәалазар ҟалоит

Валери Бигәаа иазгәеиҭеит ауаҩы угәы даднамкылозар, гәыкалагьы арҽхәаԥхьыӡ узизыҟаҵом, иузизҳәом ҳәа.

"Арҽхәаԥхьыӡ аҟны иҟаҵәҟьоу ауаҩы уаниршанхо, џьашьахәбара данубо шудукыло ауп. Усеиԥш угәы даднамкылозар иуҳәогьы ԥсабаратәым, имцхоит", — ҳәа иԥхьаӡоит иара.

Иара иажәақәа рыла арҽхәаԥхьыӡ аҟаҵашьагьы уақәшәозароуп, адкылашьагьы уақәшәозароуп.

"Ҳәарада арҽхәаԥхьыӡ угәаҵаҟынтә иаауазароуп. Иуҭаххоны иуҳәозароуп. Ауаа агәазыҟаҵара рырҭарц азы арҽхәаԥхьыӡ анырҳәозгьы ыҟан. Ауаҩы илымшаша илнаршарц" — иҳәоит Бигәаа.

Иара иҳәоит арҽхәаԥхьыӡ аҳара шугәаԥхо еиԥш аҳәарагьы угәаԥхозароуп ҳәа.

"Схатәы сҳәоит. Сара агәахәара снаҭоит аӡәы арҽхәаԥхьыӡқәа аниасҳәо, игәы аныҟасҵо. Иара иаҟара саргьы уи агәахәара снаҭоит. Дарбанызаалак ауаҩԥсы усеиԥш дшоуп", — иҳәеит Бигәаа. Ҭелла ҳаицәажәара ахыркәшамҭазгьы исеиҳәеит: "Быбжьы хаауп". Саргьы уи сгәы ҟанаҵеит.

Ажәа "комплимент" францыз ажәоуп, иаанагоит ҷыдала аҳаҭырқәҵара, абзиабара, ауаҩы ирҽхәара аформақәа ируакуп.

Арҽхәыԥхьыӡқәа адунеизегьтәи рымш (World Compliment Day) азгәарҭоит ааԥын раԥхьатәи амш аҽны.

Ажәабжьқәа зегьы
0