Аетнолог: ажәа иҭабуп ахаттцәа рынцәахәы Тару идҳәалазар ҟалоит

© Sputnik / Томас ТхайцукВалерий Бигуаа
Валерий Бигуаа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ажьырныҳәа 11 рзы адунеи аҿы иазгәарҭоит ажәа иҭабуп Жәларбжьаратәи амш. Аԥсуа бызшәаҿы иҭабуп ахьынтәаанагази уи хархәашьас иамоу атәы еиҭеиҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ аетнолог Валери Бигәаа.

АҞӘА, ажьырныҳәа 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ажәа иҭабуп ахаттцәа рынцәахәы Тару идҳәалазар ҟалоит, иҳәеит аҭоурыхҭҵааҩ, аетнолог Валери Бигәаа.

"Уи ахаттаа, аҵыхәтәан ахеттаа ирымаз ажәҩани, адыди, амацәыси рынцәа иакәын. Тару аҟынтә анбан – р быжьшәаны — буп аҟны иаанхазар ҟалоит, аурысқәагьы ирымҳәои спасибо, урҭ рҟынгьы ари ажәа Анцәа идҳәалоуп", — азгәеиҭеит уи.

Фестиваль собак и людей Спутники жизни - Sputnik Аҧсны
Аетнолог 2018-тәи ашықәс ззышықәсоу ала иазкны: ахааназы ауаҩы даҭиӡом

Ажәа иҭабуп иазкны хазы аҵарауаа анаукатә усумҭақәа аԥырымҵаӡацт, иҳәеит Валери Бигәаа.

"Изакәызеи иара ажәа ахаҭа иҭабуп, иабантәаа, иаҳәои? Иаҳҳәап ажәа "табу" аҟынтә иаауазар, иаанаго ҵасым, иҟалом ауп, аха уи аԥсуаа рҟынӡа иаазгарызеи?", — иҳәеит аҵарауаҩ.

Иҭабуп иаанаго уи ауп ауаҩы абзиара анизыҟауҵо иара аҭакс иуеиҳәо ажәа иҭабуп ауп, аха убри аан, ари ажәа зегьы ирарҳәом иҳәеит аҵарауаҩ.

"Иҭабуп ҳәа зарҳәо ауаҩы усҟак изааигәам иоуп, атәымуаа. Иаҳҳәап, аиҩызцәа, аӡәы егьи бзиарак изиузар, ҽык ииҭазар, иҭабуп иҳәоит изырҭаз, аха егьи – уареи сареи иҭабуп ҳабжьоума ҳәа аҭак ииҭоит", — ациҵеит Бигәаа.

Иара убас аби аԥеи рыбжьара аԥсуаа рҿы ажәа иҭабуп ыҟаӡам, насгьы аиашьеи аиашьеи, аиаҳәшьеи аиаҳәшьеи рыбжьарагьы убас.

"Урҭ иҭабуп ҳәа еибырҳәаӡом, избанзар уи аԥсыуараӡам. Избанзар аб мамзаргьы ан бзиарак рзеибаузар урҭ ирыхәҭоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Егьырҭ ажәларқәа рҿы, иаҳҳәап Европа ма Урыстәыла еизааигәоу ауаа рыбжьарагьы иҭабуп ҳәа еибырҳәоит", — иҳәеит аетнолог.

Элисо Сангулия. - Sputnik Аҧсны
Аетнолог: аӡӷаб илразҟхоз ԥхыӡла дылбон адаӷь еҵәа лхы иаҵаҵаны дыцәар

Иҭабуп аҳәашьа аԥсуаа рҿы еиуеиԥшым аформақәа амоуп, азгәеиҭеит аҵарауаҩ.

"Иҭабуп ажәа мҳәаӡакәагьы уи иамоу аҵакы аауырԥшыр ауеит. Иаҳҳәап аӡӷаб хәыҷы, мамзаргьы аҷкәын хәыҷы абырг аӡы наганы ирҭеит, иара иҭабуп ахаҭыԥан иҳәои – "аӡы ашәа узҳааит" ҳәа, уи иаанаго иҭабуп ауп, ари азеиӷьашьаратә формоуп", — иҳәеит Бигәаа.

Аҵарауаҩ иааигеит даҽа ҿырԥштәыкгьы. "Иаҳҳәап, ахаҵа ажә ихьоит, ажәытәан аԥҳәыс ажә лхьаӡомызт, уи аӡәы днаихҭыгәлар, иҳәоит — еиҳа ухьааит ҳәа, ажә зхьо аҭакс ииҭоит – "еицаҳхьааит", иҭабуп мҳәаӡакәа.

Арахә назцо ауаҩы иакәзар, уи иарҳәоит — "Уа, бза хауцалааит", арахә назцо аҭакс иҳәоит — "еицхаҳцалааит, ациҵеит уи.

Ажәабжьқәа зегьы
0