Ауаажәларратә палата: Қырҭтәыла азыхиам Аԥсны анышәара

© Sputnik / Илья Питалев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМост на реке Ингур, соединяющий Грузию с Абхазией. Архивное фото.
Мост на реке Ингур, соединяющий Грузию с Абхазией. Архивное фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Михаил Џьанелиӡе аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рнышәаразы иактиву аполитика мҩаԥнагоит ҳәа.

АҞӘА, хәажәкыра 1 – Sputnik. Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Михаил Џьанелиӡе Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рнышәаразы иактиву аполитика мҩаԥнагоит ҳәа иҟаиҵаз аҳәамҭа аҭакс Аԥсны Ауаажәларартә палата Қырҭтәыла аофициалтә мчрақәа ақырҭуа-аԥсуа еизыҟазаашьақәа рҭышәныртәалара иазыхиаӡам ҳәа аҳәамҭа ауит.

Ауаажәларратә палата алахәылацәа ргәаанагарала иахьатәи ақырҭуа политика ауаҩытәыҩса изинқәа еилазго политиканы иҟоуп.

Международные военные учения Достойный партнер 2017 в Грузии - Sputnik Аҧсны
Аԥшыхәратә усбарҭа: Қырҭтәыла арратә мчхара еизнарҳауеит

"Уи ус шакәу унарбоит ааигәа Прага имҩаԥысуаз, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата злахәыз жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵаҿы аԥсуа павильон аусура аԥырхагахара аҽшазнашәаз Чехиа иҟоу Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәарҭа. Анцәа иџьшьаны ақырҭуа дипломатцәа рҽазышәарақәа лҵшәадахеит, аԥсуа павильон иаарласны аинтерес шьҭырхит аҭааҩцәеи аиҿкааҩцәеи, аха даар рхымҩаԥгашьа аҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәеит қарҭаа рхықәкқәа ишрыцәхьамҵуа, ирылшо зегьы шыҟарҵо Аԥсны адунеижәларбжьаратә ҭахкаара аиуразы" ҳәа аҳәоит аҳәамҭаҟны.

Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара иконструктиву аицәажәара алазмырго акакәны иҟоуп аофициалтә Қырҭтәыла амч ахархәара алызмыршо Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра мап ахьацәнакуа, иахьазыхиам.

"Иаҳхаагахьо ҳазхәыцны еилаҳкаауеит асеиԥш иҟоу Аиқәшаҳаҭра ашәарҭадара ахьчараз хәдықәҵара аур шалшо, аҭынчреиҿкаара ишадгыло, агәреибагарагьы шаԥнаҵо" ҳәа рҳәеит апалата алахәылацәа.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Михаил Џьанелиӡе аҳәамҭа ҟаиҵеит Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рнышәаразы иактиву аполитика мҩаԥнагоит ҳәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0