Мерцхәлааԥҳа Прагатәи ацәыргақәҵазы: аҽа иааирак аагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукПресс-конференция ТПП Абхазии о поездке в Прагу
Пресс-конференция ТПП Абхазии о поездке в Прагу - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы имҩаԥысит Аԥсны Ахәаахәҭа ааглыхратә палата жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа "Holliday World Top Gastro & Hotel" алахәра иазкыз апресс-конференциа. Ацәыргақәҵа мҩаԥган Прага, жәабран 15 - 18 рзы.

АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik, Бадри Есиава. Ацәыргақәҵа алахәыла, Аԥсны Ахәаахәҭа ааглыхратә палата апрезидент ихаҭыԥуаҩ Ҭамила Мерцхәылааԥҳа илҳәеит Аԥсны Ахәаахәҭа ааглыхратә палата жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵа "Holliday World Top Gastro & Hotel" алахәра иааироуп ҳәа. Иазгәалҭеит Қырҭтәыла ахаҭарнакра иалшоз зегь шыҟанаҵаз Аԥсны аԥырхагахаразы.

Аԥсны Ахәаахәҭра-Ааглыхратә палата аиҳабы Геннади Гагәылиа. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААП Ахаҭарнакра Луганск жәлар рреспубликаҿы иаартхоит

"Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата злахәыз жәларбжьаратәи атуристтә цәыргақәҵаҿы аԥсуа павильон аусура аԥырхагахара аҽшазнашәеит Чехиа иҟоу Қырҭтәыла Ацҳаражәҳәарҭа. Анцәа иџьшьаны ақырҭуа дипломатцәа рҽазышәарақәа лҵшәадахеит, аԥсуа павильон иаарласны аинтерес шьҭырхит аҭааҩцәеи аиҿкааҩцәеи, аха дара рхымҩаԥгашьа аҽазныкгьы ишьақәнарӷәӷәеит қарҭаа рхықәкқәа ишрыцәхьамҵуа, ирылшо зегьы шыҟарҵо Аԥсны адунеижәларбжьаратә аизолиациа аиуразы. Ацәыргақәаҵа адиректор хада акраамҭа аҭамзаара шьҭеиҵон Геннади Гагәылиа иҿаԥхьа аҭыԥ зауз аҭагылазаашьазы. Ақырҭцәа ирылшо зегь ҟарҵеит ҳара ацәыргақәҵахь ҳнармышьҭырц, аха уи залымшеит. Ҳара уи иааирак еиԥш ҳахәаԥшуеит", — лҳәеит Мерцхәылааԥҳа.

Лара еиҭалҳәеит ақырҭуа диаспора гәҭакны ишрымаз апавильон ашәыга ақәҭәара, абаннерқәа ркыджәара. Убри инадҳәаланы ацәыргақәҵа аиҿкааҩцәа аԥсуа делегациа ахьчаҩцәа рыддыргылеит.

Мерцхәылааԥҳа деигәырӷьаны еиҭалҳәеит Қырҭтәыла аҽазышәарақәа рылҵшәадара ишаанарԥшуа адунеи аҿы Аԥсны еиҳа-еиҳа иааннакыло иалагаз агәыбылра, аилкаара, азхьаԥшра.

"Еиҳа ҳаилыркаауа ишалагаз иаҿырԥшыганы иҟан ҳпавильон аҭааҩцәа ахьырацәаз. Ацәыргақәҵа шықәсык иназынаԥшуа иазҳархион, иагьҳақәҿиеит уҳәар ауеит", — лҳәеит Мерцхәылааԥҳа, иагьазгәалҭеит асеиԥш аныҟәарақәа зегьы аџьабаа рацәаны ишрыцу.

Аԥсны Ахәаахәҭра ааглыхратә палата апавильон аинтерес ду арҭеит атәыла ахадареи атуристтә фирмақәа рхаҭарнакцәеи. Аԥснытәи аалыҵ акәзар шамахамзар зегьы иргәаԥхеит. Ҷыдала ацәыргақәҵа иазырхиан Аԥсны аӡбахә инарҭбааны еиҭазҳәоз чехбызшәала акьыԥхьтә ҭыжьымҭақәа.

Президент Торгово-промышленной палаты Республики Абхазия Геннадий Гагулия. - Sputnik Аҧсны
Аԥсны ААП Адунеизегьтәи аконгресс ахы аланархәит

Аԥсны Ахәаахәҭра ааглыхратә палата атуризм азы аусбарҭа аиҳабы Инара Даурова лажәақәа рыла Чехиа инхо абиԥара еиҳабыра иаҵанакуа ибзианы ирдыруеит, иргәалашәоит Аԥсны аӡбахә. Урҭ рҟынтәи имаҷҩым арахь иаахьазгьы.

"Дара ибзианы ирдыруеит ҳкурортқәа: Гагреи Пицундеи. Ҳпавильон ахь урҭ ааиуан ргәалашәара ҟәаандақәа ргәыҵаҳәҳәа, иазҵаауан иахьатәи Аԥсны аҭагылазаашьа, аԥсҭазаара амҩаԥысшьа, арахь аашьас иҟоу. Дара ҳанрыҿцәажәоз ҳара иаҳбарҭахеит ҳтәыла аганахь ала адизенформациа рацәа шыҟоу. Ҳәарада, ҳара ишҳалшоз ала иҟоу шыҟоу рзеиҭаҳҳәеит", — лҳәеит Даурова.

Аҿатә абиԥара ракәзар ирацәаҩуп раԥхьаӡа акәны Аԥсны ахьӡ заҳаз лҳәеит лара.

Ҭамила Мерцхәлааԥҳа еиҭалҳәеит жәабран 16 рзы аԥсуа павильон официалла дшаҭааз Чехословакиа иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа ахәаахәҭратә хаҭарнак Сергеи Ступарь, жәабран 17 рзы – Чехославакиа Иҟоу Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа актәи амаӡаныҟәгаҩ Александр Мовчан.

Ацәыргақәҵаҿы иара убасгьы иӡырган Аԥсны аҭыԥ ссирқәа аазырԥшуа авидеоролик.

Ҭамила Мерцхәлааԥҳа инаҵшьны иазгәалҭеит абри аус амҩаԥгара шзалымшоз Ахәаахәҭа ааглыхратә палата апрезидент Геннади Гагәылиа хаҭалатәи иалахәрада.

Ажәабжьқәа зегьы
0